АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ажьырныҳәа.2024

Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 

Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит, ахәҭакахьала 2024 шықәсазтәи атуристтә сезон аҽазыҟаҵара, иара убас амедицинатәии афармацевттәии аусзуҩцәа рзанааҭтә зыҟаҵареи рҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рҿы рыхәшәтәра, уҳәа хадара злоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко, астатс-маӡаныҟәгаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Салагаи, Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Афедералтә фонд ахантәаҩы Илиа Баланин, Иназыцҵоу апрофессионалтә ҵара азы Афедералтә аҳәынҭқарратә абиуџьеттә ҵарадырратә Усбарҭа, Еиԥырҟьам апрофессионалтә ҵара азы Урыстәылатәи амедицинатә академиа (ФГБОУ ДПО РМАНПО) аректор Дмитри Сычиови Аминистрра адепартаментқәа жәпакы рнапхгаҩцәеи.

 


Read 77 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 16:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.