АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ажьырныҳәа.2024

Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 102-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аветеран, Аԥснытәи АССР Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аџьа аветеран Синиавскаиа Екатерина Уасил-иԥҳа.

Екатерина Синиавскаиа диит жьҭаарамза 10, 1922 шықәса рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә Хомутовка ақыҭан.  

1937 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны дынхон.  

1941 шықәсазы далгеит Гагра ақалақь аҿы Ермоловтәи абжьаратәи ашкол.  

Мшаԥымза, 1942 шықәса инаркны жьҭаарамза  1945 шықәсанӡа Ар Ҟаԥшь архәҭақәа рҿы арратә маҵзура дахысуан.

1942 шықәсазы Екатерина Синиавскаиа Ар Ҟаԥшь дрылалеит. Екатерина Уасил-иԥҳа раԥхьа Баҭымтәи абаӷәаза зыхьчоз ротриад далан. 3,5 шықәса рышьҭахь лара Аҟәаҟа даарышьҭит аихамҩацҳақәа зыхьчоз 20-тәи азенит-пулемиоттә батареиа акомсоргс.

Аибашьра анҵәамҭаз Екатерина Синиавскаиа дызлаз адивизион Мрагылара Хараҟа ирышьҭит. Лара уа дыҟан 1945 шықәса, абҵарамзанӡа.

1943 шықәсазы Асоветеидгылазегьтәи акоммунисттә Партиа алахәыларахь акандидатс дрыдыркылеит, 1944  шықәсазы – Асоветеидгылазегьтәи акоммунисттә партиа алахәылас дрыдыркылеит. Абри аамҭа зегьы иалагӡаны лара апартиатә усура аганахьала знык иадамзаргьы апартлахьыҭара лмоуӡеит.  

Жьҭаарамза, 1945 шықәса рзы лара асержант еиҳабы ичын лыманы Иапонтәи афронт аҟынтәи  даныхынҳә ашьҭахь Ар Ҟаԥшь аҿы арратә маҵзура аҟынтәи лхы дақәиҭтәхеит.

1947 шықәсазы Аҟәатәи афизика-техникатә Институт аҟәша «Г» аҿы ателефонисткас аус луан.  

1948 шықәса инаркны 1977 шықәсанӡа – Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҿы анемец бызшәа арҵаҩыс аус луан.

Ажьырныҳәамза 1976 шықәса рзы «Аԥснытәи АССР Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит.

Иланашьоуп:  

Асоветеидгылазегьтәи ленинтәи акомунисттә ҿар Реидгыла  Акомитет Хада (ЦК ВЛКСМ) аҳаҭыртә шәҟәы;

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа азы аорден II аҩаӡара;

Алкааратә дырга «Аибашьҩы»;

«Аибашьратә лшамҭақәа рзы» амедал;

 «Кавказ ахьчаразы» амедал;

 «Германиа аиааиразы» амедал;

«Иапониа аиааиразы» амедал;

«Аџьа аветеран» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 20 шықәса ахыҵразы» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 25 шықәса ахыҵразы» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 30 шықәса ахыҵразы» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира  агара Амш 40 шықәса ахыҵразы» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира 60 шықәса ахыҵразы» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира 65 шықәса ахыҵразы» амедал;

«1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира  70 шықәса ахыҵразы» амедал;

Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика агәалашәаратә медал;

Жуков имедал;

«Урыстәыла ахьӡала» амедал;

«Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра 20 шықәса ахыҵра» амедал.   

 

 

 

 


Read 66 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 17:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.