АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ажьырныҳәа.2024

Бзыԥҭа ацҳаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына «Волга» аԥсҟы зкыз ахаҵа дҭахеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Бзыԥҭа ацҳаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына «Волга» аԥсҟы зкыз ахаҵа дҭахеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша аҿы.

«Иҟоу адыррақәа рыла, иасуаз аԥшацәгьа иахҟьаны аидарарҳәазага автомашьына ду иақәгылаз аконтеинер хышәҭны автомашьына «Волга» иақәҳаит.

Иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит. Амашьына ицҭатәаз аԥҳәыс лҭагылазаашьа бааԥсны ахәшәтәырҭахь днагоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.

 


Read 73 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 17:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.