АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ажьырныҳәа.2024

Инал Арӡынба: Шьамтәыла аҭынчра ашьақәгылареи иҭышәынтәаланы аҿиареи жәларбжьаратәи аренаҟны иҟоу зегьы ирҭахым, аиҳарак Мраҭашәаратәи атәылақәа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынӡба  Сириа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа иазааигәоу Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.

«Хамеигӡара ҟамҵаӡакәа зус назыгӡо ҳдипломатцәа ашәарҭара иҭагылеит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аҵак ду змоу агуманитартәи жәларбжьаратәи азинқәеи реиԥҟьара ашҟа икылнагоит, жәларбжьаратәи ашәарҭадареи аизыҟазаашьақәеи рышьаҭа шьақәнарҟьоит. Ҳара уи даараӡа ҳақәыӡбоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Шьамтәыла аҭынчра ашьақәгылареи иҭышәынтәаланы аҿиареи жәларбжьаратәи аренаҟны иҟоу зегьы ирҭахым, аиҳарак Мраҭашәаратәи атәылақәа. Урҭ еиҳа ирзыфеидоуп аибарххарақәа, адиставилизациа, аибашьрақәа, ареволиуциақәа рыҟалара.  Дара рықәҿиарақәа – ҳара ҳгәаҟрақәа роуп», – ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа атекст аҿы.

Инал Арӡынба иҳәеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аҩызцәа адгылара шрырҭо, агәыӷра ааирԥшит иаарлысны аҭынчра шышьақәгыло, иҭахаз рыуацәа дрыдышшылеит.

 


Read 67 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 17:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.