АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ажьырныҳәа.2024

Израиль Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара игылаз аиланхарҭаҩны аракетатә ааха анаҭеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьыжьымҭан израильтәи ар х-ракетак рыла Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск, Меззе  аҳаблаҿы игылоу ԥшь-еихагылакны иҟоу аиланхарҭаҩны иалахысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.  

Иазгәаҭатәуп, аиланхарҭаҩны зырбгаз Израиль аганахьала аракетатә агрессиа ахьыҟалаз аҭыԥи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахьыҟоу ахыбреи 150 метра рыбжьоуп.  

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Маҳаммад Али Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа адырра ҟаиҵоит.

«Аракетала алахысра аныҟала аамҭазы сареи гәыԥҩык Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи Ацҳаражәҳәарҭа аҩныҵҟа ҳаҟан. Ҳара иҳауз ацәаныррақәа ртәы аҳәара уадаҩуп», - ҳәа иҟалаз ахҭыс дахцәажәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Иҟоу адыррақәа рыла, аракетатә атака иахҟьаны жәаҩыла ауаа ҭахеит.

*Меззе аҳаблаҟны Шьамтәыла аус зуа  аҳәаанырцәтәи адипломатиатә хаҭарнакрақәа реиҳарак ыҟоуп.


Read 74 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 19:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.