АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ажьырныҳәа.2024

Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ацәыӡит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иаха иҟалаз абылра иахҟьаны, Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ацәыӡит.

«Сара сыла иабо сызхаҵаӡом, сҵәыуоит. Ари рыцҳара дууп. Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, амцакра ҟалеит ахыбра ахыб аҿы.  Икьаҿу афымцацәаҳәақәа реидылара ҟалазар ҟалап. Асахьақәа зегьы блит. Ари иузхамырҭәаауа ацәыӡқәа роуп ҳара ҳзы. Аԥсуа культура иаиуз азарал ахә ашьара уадаҩуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа.

«Зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҩбатәи аихагыла аҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа, 4000 Екземплиар инареиҳаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 300 рҟынӡа Алеқсандр  Чачба-Шервашиӡе иҭыхымҭақәа. Ари акала иузхамырҭәаауа цәыӡуп Аԥсны амилаҭтә культура азы.  Сара сылаӷырӡқәа сырхәаҽуеит ацәажәарагьы сцәыуадаҩуп», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит атәыла акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара  Смыр.

Аҟәа ақалақь аҿы аҵх агәазы Лакоба имҩала игылоу  Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра амца акит.Ахҭыс шыҟалаз азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟалеит асааҭ 03:38 рзы. Амца арцәара иалахәын Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра ақалақьқәа рҟынтәи 11 амцарцәаратә гәыԥқәа. Ашьыжь, асааҭ быжьба инарзынаԥшуа амца арцәара алыршахеит.

Нанҳәамза 20, 1963 шықәсазы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реилазаара Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿга аҳасабала  Асахьатә галереиа аԥҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Агалереиа аԥҵара ихы алаирхәит аҟазара акыр ҳаҭыр ақәызҵоз, аҟәатәи аҳақьым Езекиель Лазар-иԥа Фишков.  Иара агалереиа ҳамҭас иаиҭеит иҩны ахәҭак (Пушкин имҩала игылаз аҩны № 24), иара убас 60 сахьа.  Езекиель Фишков иколлекциа аҿы иҟан — Б. Петров, В. Контариова, О.Сегаль, уҳәа  иналукааша аурыс сахьаҭыхыҩцәа раԥҵамҭақәа. Дара Аԥсны иаҭаахьан ХХ ашәышықәса алагамҭазы.

Хәажәкырамза 17, 1964 шықәсазы иҟалаз агалереиа аартра азы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа  М. Ешба, О. Брендель, И. Цомаиа, В. Иванба, уҳәа егьырҭ аӡәырҩы рырҿиамҭақәа агалереиа ҳамҭас иарҭеит. Азалқәа хԥа рҿы ицәыргақәҵан 100 сахьаки 20 аскульптуратә усумҭеи.

Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа агалереиа афондқәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла еиҳа-еиҳа ихарҭәаахон.

Лаҵарамза 17, 1985 шықәсазы — иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы А. К. Чачба-Шервашиӡе (1867-1968 шш.) иԥсыбаҩ еиҭаганы  Аҟәа ақалақь аҿы анышә амадара аҽны Асахьатә галереиа аекспозициа Лакоба имҩала игылоу, иахьа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахьыҟоу ахыбра  №31 ахь ииаган.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь агалереиа аекспозициа аркын. 1994 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи Асахьатә галереиа Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳәа ахьӡ ԥсахын, уинахыс иара хазхаҭалатәи аҳәынҭқарратә усбарҭаны иҟалеит.  

1997 шықәсазы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иӡбамҭа ала Амилаҭтә сахьатә галереиа Пушкин имҩала игылоу, ареволиуциа ҟалаанӡа аҳәса ргемназианы иҟаз ахыбра № 8 азоужьхеит.  Хара имгакәа араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын, аха ԥыҭрак ашьҭахь аԥаратә хархәагақәа разымхара инамаданы иаанкылан.

Агалереиа афонд аҟынтәи асахьақәа Лакоба имҩала иҟоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра аҩбатәи аихагыла аҿы ишьҭан.

 Агалереиа афонд аҿы иҟан ԥшьышә нызықь инареиҳаны Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контариов, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, уҳәа егьырҭ еицырдыруа Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рнапы иҵыҵыз асахьақәа.

 

 

 

 


Read 169 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 20:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.