АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ажьырныҳәа.2024

Зықәра наӡам ашкол арҭҟәацга аҵоуп ҳәа имцырку адырра аҟаҵараҿы дыгәҩароуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи русзуҩцәа Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 арҭҟәацга аҵоуп ҳәа имцырку адырра аҟаҵара асхема аадырԥшит.

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2, иара убас Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр «Вавилон» арҭҟәацга рыҵоуп ҳәа имцырку адырра аҭара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан дшьақәыргылан, анаҩс иҭаацәа ицны Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь днаган зықәра наӡам Аԥсны атәылауаҩ.

Ишеилкаахаз ала, атерроризм акт азы еижьагоу адырра аҟаҵараҿы игәҩароу атәылауаҩ иарку ателеграм-канал иҽаҵаиҩит, уи амодераторцәа Аԥсны анҭыҵ иҟоуп. Анаҩс иареи иарбоу ателеграмм-канал амодераторцәеи асоциал ҳа ала активла аимадара рыбжьарҵеит.   

Иарку агәыԥ алахәылацәа зықәра наӡам ахәыҷы реилазаара иалагалара хықәкыс иҟаҵаны анонимла аҭел асра идыргалеит. Агәыԥ алахәылацәа азин еилазго  ауснагӡатә  амҩаԥгара даларгалеит.  

Анонимла аҭелла асреи ахыбра аевокуациеи аоперативтә маҵзурақәа аҭыԥ ахь рнеиреи ашьҭахь, ацәгьоура ҟазҵаз авидеоҭыхымҭа ҟаҵаны иус аҳасабырба аҳасабала иарбоу агәыԥ ахь ишьҭит.

Иарбоу афакт ала уажәы Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  201 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура «идырны атерроризм акт азы имцырку адырра аҟаҵара» ала ашьаусеилыргара ахацыркразы аматериалқәа реизгара мҩаԥысуеит.

Иарбоу агәыԥ амодераторцәа ахьыҟоу аҭыԥ ашьақәыргыларазы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирыцҵоуп.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы ишазгәарҭаз ала, ас еиԥш аинтернет-атакақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рнапала, урҭ ргәызианреи ахьыԥшымзаареи аҽышьқәырӷәӷәареи рашьҭазаареи рхы иархәыны, еиҳа иуадаҩу ацәгьоурақәа рыҟаҵара.   

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҭаацәеи азеиԥҵараиурҭақәа рырҵаҩцәеи рахь еиҳа агәҽанызаара аадырԥшларц, ахәыҷқәа активла асоциалтә ҳақәа рхархәара ҷыдала ахшыҩзышьҭара арҭаларц, иара убас аҿар рыбжьара аилыркааратә усура мҩаԥыргаларц азы   ааԥхьара ҟанаҵоит.  


Read 166 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 12:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.