АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ажьырныҳәа.2024

130 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбрҭа аҿы, иаартуп 117.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа атерритоиалтә Усбарҭа 2023 шықәсазы инанагӡаз аоператив-маҵзуратә усура аихшьаалақәа ирызкын атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәара.   

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура азы ажәахә ҟаиҵеит Аусбарҭа анапхгаҩы, амилициа аполковник Денис Аиба.

Заанаҵтәи аусеилыргара аҟәшеиҵақәа рыла аусеиҿкаара хыркәшаны аӡбарҭахь идәықәҵан 55 шьаус, урҭ рахьынтә 29 рыла  азыӡбақәа рыдыркылеит. 2023 шықәсазы административтә хьырхәра иақәыршәан  686-ҩык атәылауаа, 59-ҩык – анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыдкыларазы уахь иналаҵаны.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 130 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 117.  Ацәгьоурақәа раартра 90% рҟынӡа инаӡоит.

Ашәҟәы иҭагалаз 130 цәгьоура рҟынтәи  иӷәӷәоу ацәгьоурақәа – 44, урҭ рахьынтә иаартуп 32.

2022 шықәса аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалан 145 цәгьоура, иаартын 125, даҽакала иуҳәозар  -86,2%.

Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аҿы иарбоуп 38 аԥшааратә усқәа, урҭ рыла иаанкылоуп  4-ҩык; хабарда ибжьаӡыз – 16-ҩык, зхаҭара шьақәыргылам аԥсцәа – ҩба. 

Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа Амаҵзура ала  имҩаԥган 220 аӡбаратә процессқәеи 69 акультура-массатә усмҩаԥгатәқәеи.

746-ҩык аџьатә мигрантқәа  2023 шықәсазы  Гагра араион аҿы  административтә хьырхәра иақәыршәан. Еиқәыршәаны аӡбарҭахь идәықәҵан 229 материал, урҭ рылҵшәақәа рыла 24 – ҩык адепортациа рзыруит.

Амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҟынтәи рколлегацәа рыцырхырааны 2023 шықәсазы ирыԥшааит амхрагьы мҩаԥыргеит 530 маининг-аппаратқәа. Акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа  Аԥсны Аҳәынҭтеххылаԥшра аамҭалатәи ашьҭаҵараҭа ахь идәықәырҵеит.

2023 шықәсазы Гагра араион аҿы иҟалаз 60 амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рҿы 13 –ҩык ҭахеит.

Зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы араион амҩақәа рҿы Аҳәынҭавтоинспекциа  аусзуҩцәа ишьақәдыргылеит 12 241 амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу ахҭысқәа. Урҭ рахьынтә 470 хҭыс ижәны амашьына аԥсҟы акра иадҳәалан.  

2022 шықәсазы Гагра араион аҿы иаарԥшын  9035 зинеилагара; 663-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны, мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы административтә хьырхәра иақәыршәан.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҵакыра аҿы аҳасабырбатә аамҭахәҭа иҭагӡаны ашәҟәы иҭагалахеит 43 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 40.

Пицунда ақалақь аҿы аҳасабырбатә аамҭахәҭа иҭагӡаны ашәҟәы иҭагалан 13 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 10, уи убасҵәҟьа хра злоу адинамика шыҟоу аанарԥшуеит. 

Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Бзыԥтәи амилициа аҟәша иҳаҩсыз ашықәс 12 мзы рыла ашәҟәы иҭанагалеит ашьаус ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа  9, зегьы раартра алыршахеит.  2022  шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 15 цәгьоура.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа акадртә еиқәыршәара аганахьала аусура арӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

Аминистр ицны аилатәара рхы аладырхәит иара убас аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩцәа рнапаҵаҟа иҟоу ахырхарҭақәа рыла азгәаҭарақәак ҟарҵеит.

Руслан Ажьиба  аоператив-ԥшааратә усура арӷәӷәара азы азԥхьанҵа ҟаиҵеит.

Беслан Ҷкадуа Гагра араион Аҳәынҭавтоинспекциа аусура ԥсыҽуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аилатәара зхы алазырхәыз Гагра араион апрокурор Беслан Пкьыни араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышбеи  аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩцәеи аусзуҩцәеи рымадареи  аус рыцуреи аҩаӡара шыҳараку азгәарҭеит.

Аилатәара аихшьаалақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ахатәы еилазаара анапынҵа риҭеит ахырхарҭақәа зегьы рыла русура дырӷәӷәарц, уи алҵшәақәа рзы аҟәшақәеи аҟәшеиҵақәеи рнапхгаҩцәа есыҽны адырра аҟаҵара рыхәҭаны иҟоуп.

 

 

 

 


Read 159 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 15:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.