АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ажьырныҳәа.2024

Урыстәылатәи арестовраторцәа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Аҟәаҟа амҩа иқәлараны иҟоуп Урыстәыла акультура Аминистрра аусдырыҩцәа. Аминистрра аделегациа иалахәхоит И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-реставрациатә Центр ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-реставрациатә Институт, Третиаков ихьӡ зху агалереиа, Аурыс музеи рхаҭарнакцәа», – ҳәа л-telegram-канал аҿы илыҩит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.

Аспециалистцәа аҭыԥаҿы абылра иацәынхаз аҭыхымҭақәеи адокументқәеи рҭагылазаашьа ҭырҵаауеит, ареставрациатә усурақәа рыплан еиҿыркаауеит.

Амҽыша, ажьырныҳәамза 21 ауха, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә Зал Хада аҟны абылра ҟалеит.  

Ахыбра аҩбатәи аихагылараҿы ишьҭан Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи – 4 000 инарзынаԥшуа асахьақәа. Урҭ маҷк ада зегьы блит.  Мацара 200 сахьа заҵәык роуп еиқәхаз.


Read 74 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 19:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.