АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ажьырныҳәа.2024

Жәлар Реизара-Апарламент Аминистрцәа реилазаарахь ажәадгала ҟанаҵеит аҭоурых-культуратә комплексқәа ргәаҭаразы акомиссиа ҷыда аԥырҵарц.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, ажьырныҳәамза 22 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы адепутатцәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра абылра иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.   

«Ареспублика Аԥсны аминистрца Реилазаара ахь ааԥхьара аҟаҵаразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Апарламент Аминистрцәа реилазаарахь ажәадгала ҟанаҵеит аҭоурых-культуратә ҵакырақәа, акомплексқәа, ансамбльқәа, аргыларақәа, амаҭәарқәа амцакратә шәарҭадара аҭахрақәа иахьынӡарықәшәо аҭҵааразы акомиссиа ҷыда аԥырҵарц.

Ааԥхьара аҟаҵара аҭоурых-культуратә ҵакырақәа, акомплексқәа, ансамбльқәа, аргыларақәа, амаҭәарқәа  реиқәырхареи, иара убас Аԥсны жәлар рмазараны иҟоу амилаҭтә мазара шьаҭас иамоу акультуратә ҭынха аԥхасҭахара, ахырбгалара, аимҵәара, ақәхра, уҳәа ааха азҭо егьырҭ ауснагӡатәқәа рыԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иамоуп.

Адепутатцәа аилатәара аихшьаалақәа рышьаҭала еицҿакны «Аҟәа ақалақь аҿы Ацәыргақәҵатә зал Хада абылра иахҟьаны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацәыӡра азы» аҳәамҭа рыдыркылеит.

Аҳәамҭа атекст аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:  

«Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса ашьыжь шаанӡа Аҟәа ақалақь, аҩны № 31 аҿы иҟоу Ацәыргақәҵатә зал Хада абылра ахҟьаԥҟьақәа гәалсра дула ирыдырылеит.

Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд злашьақәгылаз асахьаркыратә рҿиамҭақәа рбылра ҳҳәынҭқарра акультуратә ҭынха азы ахаангьы зеиҭашьақәыргылара алымшо, акала иузхамырҭәаауа цәыӡ дуны иҟалеит.

Аԥснытәи асахьатә галереиа аԥҵара рхы аладырхәуан ареспублика аҿы еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы.  Уи хәажәкырамза, 1964 шықәсазы иаатит. Иара афонд аҿы иҟан  4 000 инареиҳаны аусумҭа шьахәқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан раԥхьатәи апрофессионалтә апсуа сахьаҭыхыҩ А.К.Чачба-Шервашиӡе ирҿиамҭақәагьы. Агалереиа иара убас ихарҭәаахон асахьаҭыхыҩцәа, аҟазара абзиабаҩцәа, аҟазара аԥҵамҭақәа рколлекционерцәа хаҭала иҟарҵоз аҳамҭақәа рыла,   урҭ реиҳарак ҳтәыла аҳоурых абаҟақәаны иҟан.

Жәлар Реизара-Апаламент адепутатцәа Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд арҿиамҭақәа рбылра акультуразы харҭәаашьа змам акакәны иҟоуп ҳәа иазгәарҭеит. Урҭ иара убас иҟарҵаз аҳәамҭаҿы Амилаҭтә галереиаҿы иҟалаз абылра зус здыруа аусбарҭақәа иҭырҵаароуп, абылра иахҟьаны Ареспублика Аԥсны  ажәлар рҭоурых-культуратә ҭынха иаиуз азарал ду  ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп  ҳәа иазгәарҭеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхи акультуреи реиқәырхара иадҳәалоу аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иҟарҵо адгылара шьҭыхтәуп ҳаамҭа иақәшәо ашәарҭадара аиҿкаара аҩаӡара аҟынӡа, уи азы аматериал-техникатә еиқәыршәара аԥҵаны», - ҳәа иаҳәоит аҳәамҭаҿы. 

 

 

 

 

 


Read 74 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 23:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.