АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ажьырныҳәа.2024

2023 шықәса аҩныҵҟа Аҟәа араион аҿы 36 цәгьоура ҟалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аиҳабы Русҭам Бжьаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  2023 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ашәҟәы иҭагалан  36 цәгьоура. Урҭ рахьынтә иаартын 32 цәгьоура (88,9%).  2022 шықәсазы иҟалеит  40 цәгьоура, иаартуп– 35.

Иӷәӷәоу ацәгьоурақәа 12 ҟалеит иҳаҩсыз  2023 шықәсазы, иаартуп – 9.  2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан  11 иӷәӷәоу ацәгьоурақәа, иаартуп – 8.

Еиҵахеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара.

2023 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалан атәым мал аӷьычра иадҳәалоу ацәгьоурақәа ҩба.  

Араион аҿы изакәанымкәа абџьар ахархәара, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра, амбжьахра, уҳәа реиԥш иҟоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵахара убаратәы иҟоуп, ҳәа иазгәеиҭеит Русҭам Бжьаниа.

Аилатәара зхы алазырхәыз аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагылара аганахьала имҩаԥгоу аусура ԥсыҽуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аминистр  араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусура арбагақәа реиӷьтәра азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа рыҽрымаданы аусмҩаԥгатәқәа рыплан аиқәыршәаразы  адҵа ҟаиҵеит.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа 323 апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. 2023 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалан 23 амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа.  2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 20 амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа. 2023 шықәсазы иҟалаз амҩа-транспорттә машыртә хҭысқәа рҿы иҭахеит 3 -ҩык, (2022 шықәсазы –аӡәы).

43-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит (2022 шықәсазы. – 39-ҩык). Амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа реиҳарак ареспубликатә трасса «Ԥсоу-Егры» иахьаҵанакуа Аҩада Ешыра аҿы иҟалоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иара убас иарбоу ахырхарҭа ала аусура арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.

2023 шықәсазы иаарԥшхеит  иҿыцу амаининг-фермақәа 10. Урҭ зегьы афымцацәаҳәақәа рҟынтәи иаҿыхын. Ирымхуп акриптовалиута арҳара иазку 196 аппарат.

Роберт Киут иарбоу ахырхарҭа ала аусура арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит. Уи убри аан, иарбоу ахырхарҭала аусура аиҿкаара атәыла аенергетикатә шәаҭадара ишиашоу иадҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аусуратә еилатәара иара убас рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, араион Ахада Алхас Ҷыҭанаа, араион апрокуратуреи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҟәшеи рхаҭарнакцәа.

 

 

 

 


Read 430 times - Аԥшьаша, 25 Ажьырныҳәа 2024 14:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.