АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ажьырныҳәа.2024

Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы имҩаԥысит згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рааӡара атемала анаука-практикатә семинар.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 24 рзы Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы «Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа қәҿиарала рсоциализациа амҩаԥысра азы аџьатә зыҟаҵара рыҭареи рааӡареи» атемала жәларбжьаратәи анаука-практикатә семинар мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа.

Асеминар аалыртит Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл.  Лара ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа рԥышәа рымадареи иаҵоу аҵакы ахадара азгәалҭеит, асеминар иалаху зегьы хра злоу аусуреи ақәҿиарақәеи рзеиӷьалшьеит.

Ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл асеминал иалахәыз ашол аҿы аҵара-ааӡаратә усура шышьақәгылоу атәы рзеиҭалҳәеит.

Асеминар рхы аладырхәит аҭыԥантәи аспециалистцәа реиԥш Урыстәылатәи Афедерациа (Ақалақьқәа Москва, Киров, Кировтәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи)  Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аҵарадырратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы.  

Иарбоу аусмҩаԥгатә згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа қәҿиарала рсоциализациа амҩаԥысра азы аџьатә зыҟаҵара рыҭареи рааӡареи иазку аусура аԥышәа аимдареи иҟоу аперспективақәа рылацәажәареи иазырхоуп.


Read 373 times - Аԥшьаша, 25 Ажьырныҳәа 2024 15:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.