АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ажьырныҳәа.2024

Андрей Погосов: Аӡиудо азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рылахәхара акыр аанагоит ҳаспортсменцәа рзы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аспорттә Клуб «Алмаз» акоманда  15 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара аӡиудо азы Ахәыҷтәы лига «Триумф Energy»  Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа I атур иалахәхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.

Аицлабрақәа мҩаԥсуан ажьырныҳәамза 18 -20 рзы  ақалақь Армавир аҿы. Аӡиудо азы аԥснытәи арԥарцәа ркоманда акомандатә еиԥыларақәа хәба мҩаԥыргеит. Аспорттә Клуб «Алмаз»  аспортсменцәа иреицлабуан Урыстәыла иреиӷьу акомандақәа иреиуаз акомандақәа. Актәи аиԥылараҿы дара ирыцлабуан Волглградынтәи акоманда, аиааирагьы ргеит, анаҩстәи ԥшь-еиԥыларак рҿы – Армавир, Анапа, Новороссиск, Краснодар акомандақәа иреицлабуан.     Аԥсны акоманда арҭ аицлабрақәа ҩынтәны ирылахәхоит.

«Аспортсмент қәыԥшцәа даара ибзианы рхы аадырԥшит, убри аан иазгәаҭатәуп урҭ аӡиудо азы иԥхьагылоу акомандақәа ишреицлабцаз. Ари атурнир алахәхара ҳкоманда аизҳареи рыспорттә ҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи рзы акырӡа аҵанакуеит», –  ҳәа иазгәеиҭеит аӡиудо азы Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Андреи Погосов.

Раԥхьаҟа аҟәатәи акоманда ирзыԥшуп Аӡиудо азы ахәыҷтәы Лига «Триумф Energy» Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа анаҩстәи атурқәа ҩба рылахәхара. Аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит жәабрамза 18 рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы.  


Read 380 times - Аԥшьаша, 25 Ажьырныҳәа 2024 15:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.