АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ажьырныҳәа.2024

Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра аринахысгьы абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа амҩаԥгара аганахьала Аԥсны ацхыраара аҭара иазхиоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳеи Урыстылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи ҭелла реиҿцәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.   

Динара Смыр Ольга Лиубимова Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ахәҭа аиҳарак абылра инамаданы Аԥсны иаиуз ацхырааразы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.

«Ҳара ҳреспублика иуадаҩу амомент аҿы ианыҟала аамҭазы ҳзықәшәаз арыцҳара аҿы Шәара иҳашәҭаз адгылареи ацхыраареи рзы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», – ҳәа илҳәеит Динара Смыр.

Ахәҭакахьала, Ольга Лиубимова Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа ррестоврациа аганахьала аринахысгьы ацхыраара аҟаҵара дшазхиоу азгәалҭеит.

Аганқәа иара убас  2024-тәи ашықәс азы акультуреи аҟазареи русхкы иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Read 193 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.