АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ажьырныҳәа.2024

Аҟәа ақалақь Наӡаӡе лымҩала амашәыр зхылҿиаар алшо аҩны аҟынтәи ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара азы 284 млн. мааҭ азоужьхеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

Аҟәа ақалақь Наӡаӡе лымҩала амашәыр зхылҿиаар алшо аҩны аҟынтәи ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара азы  2023 шықсазы 284,6  млн. мааҭ азоужьхеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.   .

«Ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аԥҵан, иарбоу аҩны аҿы инхоз зегьы ирыхәҭаз ашәатәқәа рызшәан. Аԥаратә хархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара абиуџьет ахь инашьҭхон, анаҩс ауааԥсыра дара иахьырзыманшәалоу акоммерциатә банкқәа рҿы ахаҿытә ԥхьаӡара рзаартрала ирзоужьхон.   108-ҩык ауадақәа зтәыз аԥара роуит», –  ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба.

Апрограмма «Анхарҭаҭыԥ» ала 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз  60 млн. мааҭ рҟынтәи иазоужьхеит   47,4 млн. мааҭ.  

«Апрограмма «Анхарҭаҭыԥ» ала аус зуаз акомиссиа  ҷыда  60 млн. мааҭ зегьы азоужьразы аӡбамҭа аднакылеит, аха ауааԥсыра доусы акомиссиа ишьақәнарӷәӷәаз ахышәа-ҵышәа инақәыршәаны асертификатқәа ахьрыҭаз инамаданы, дара макьаназы анхарҭаҭыԥ рзымԥшаацкәа иҟоуп.  Ауаҩы анхарҭаҭыԥ иԥшааит ҳәа адырра шҳаулакҵәҟьа, ҳара иаразнак афинансыркра мҩаԥаагоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.  

2023 шықәсазы апрограмма «Анхарҭаҭыԥ» ала  74-ҩык рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра азы аӡбамҭақәа рыдыркылеит. 

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрра адыррақәа рыла,  800-ҩык инареиҳаны рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи даҽаџьара рнырхареи иадҳәалоу азҵаарақәа рзы азыҳәамҭақәа аларҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апрограмма «Анхарҭаҭыԥ» анагӡара аусура хадара злоу ахырхарҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит, иара убас  иарбоу ахырхарҭала аусура еиҳа амҽхак арҭбааразы афинансқәа Рминистрра адҵа аиҭеит.


Read 190 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 17:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.