АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ажьырныҳәа.2024

2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраагӡатә фонди Аминистрцәа Реилазаареи аҟнытә хәҭақәак рыла ҳтәылауаа 181 млн мааҭ рҟынӡа рзоужьрала ацхыраара рыҭан.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.  Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит Ахада ицхыраагӡатә фонд, аиҳабыра рыцхыраагӡатә фонд, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыҟнытә социалла ихьчам ауааԥсыра ирыҭоу ацхыраара аус. 

Иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз социалла ихьчам ауааԥсыра адгылареи ацхыраареи рыҭара абиуџьеттә система хадара злоу аныхтәқәа рахь иаҵанакуеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. 

 «2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраагӡатә фонди Аминистрцәа Реилазаареи аҟнытә хәҭақәак  рыла ҳтәылауаа 181 млн мааҭ рҟынӡа рзоужьрала ацхыраара рыҭан. Ус еиԥш ацхыраара зауз 2 011-ҩык рҟынӡа инаӡоит».  

Аминистр ҷыдала иазгәеиҭеит хы-шықәса рыҩныҵҟа Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи ацхыраара аҭара амҽхак шазҳауа.  Убас, 2022 шықәсазы хықәкылатәи ацхыраара роузар –   1 600-ҩык, 2023 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара 2 000 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Иара убас иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс азы 470-ҩык Аԥсны анҭыҵгьы хықәкылатәи амедицинатә цхыраара роуит. Иарбоу ахықәкқәа рынагӡара иақәхарџьхеит аӡәы изы 40 нызықь мааҭ рҟынтәи 2 млн. мааҭ рҟынӡа», - ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр. 

75-ҩык Аԥснытәи астудентцәа Аԥсны абиуџьет ахарџь ала Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит.  


Read 190 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 17:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.