АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ажьырныҳәа.2024

Аконтроль-хылаԥшра усбарҭақәа зегьы русура аиҿкаареи рымҩақәҵареи рзы афинансқәа Рминистрра аҟны аус зуо Аконтрол-ревизиатә Усбарҭа 2023 шықәсазы 19 контрольтә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

«2023 шықәсазтәи афинансқәа рминистрра аусура аихшьалақәа рыла ицәгьам ҳәа ахәшьара асҭоит. Убри аан ҳара зегьы ҳҿаԥхьа иқәгылоуп иӡбатәны иҳамоу ауснагӡатәқәа жәпакы.  Аҳәынҭқарразы афинансқәа рҵакы дууп. Ирацәаӡоуп зыӡбаразы афинанстә леишәагьы аиӷьтәра зҭахны иҟоу, насгьы урҭ рыҟазааразы иӡбам аекономикатә, асоциалтә проблемақәа», -ҳәа  иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа дазҵааит афинансқәа рминистрра аконтроль-ревизиатә усбарҭа аусура алҵшәақәа: иҟоуп Апрокуратура хада ашҟа идәықәҵоу аматериалқәа рыла афинанстә леишәа аилагаразы аҭакԥхықәра зыдҵоу. 

Владимир Делба, раԥхьа иргыланы Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит афинансқәа рминистрра аусура иаиҭаз ахәшьаразы, далацәажәеит аминистрра ахылаԥшратә усбарҭақәа   русура алҵшәақәа ртәы. 

«Аконтроль-хылаԥшра усбарҭақәа зегьы русура аиҿкаареи рымҩақәҵареи рзы афинансқәа рминистрраҟны аус ауеит аконтроль-ревизиатә усбарҭа, уи аԥаратә хархәагақәа хықәкылатәи  рхархәара хылаԥшра рызнауеит. 2023-тәи ашықәси уи алҵшәақәеи: имҩаԥгоуп 19 контрольтә усмҩаԥгатә, иамҽхакуп агәаҭаразы 53 обиект.

Уи адагьы аконтроль-хылаԥшратә усбарҭақәа аус рыцурала, урҭ иҟарҵо адҵааларақәа рыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылҵшәақәа апрокуратура хадахь, аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рышҟа идәықәҵахоит. 2023 шықәсазы имҩаԥаҳгеит быжь-уснагӡатәк. Урҭ рыла иақәнагоу аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит», - иҳәеит афинансқәа рминистр.

«Ари апроблема аконтрольтә палата аусурагьы иадҳәалоуп, еизгахоит аматериал. Фактла ҳара иҳамоуп афинанстә хархәагақәа хықәкылатәи ахархәара змам, зны-зынла аӷьычра ҟазшьа змоу, убри аан аҭакԥыхқәра зыдҵоу амаҵзурауаа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп. Абас еиԥш апроблема ыҟоуп. Ари шәақәшаҳаҭуп ҳәа сгәы иаанагоит. Баша илҵшәадоу аусура мҩаԥаҳгозар сҭахым. Сара хазы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны изыхәҭоу аусбарҭа анапынҵа асҭоит, аконтроль-ревизиатә усбарҭа аусура нҭырхәыцааны иҭаҳҵаауеит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

 


Read 74 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 17:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.