АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жәабран.2024

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәа рминистр агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҿы ҿыц иҟаҵоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Феисал аль-Микдад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылараан аганқәа аԥсны-шьамтәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицуреи аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә хырхарҭақәа рыла аҩганктәи аимадара арӷәӷәара азы аусура ишазхиоу азгәарҭеит.  Иара убас ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Шьамтәыла ацхыраара Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәаки реизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаара.

Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан 2023 шықәса жьҭаарамзазы. Уаанӡа ари аҭыԥ ааникылон Баграт Хәытаба. 


Read 114 times - Асабша, 03 Жәабран 2024 19:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.