АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жәабран.2024

Данил Допуеи Дамеи Кархалааи зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Алада Урыстәылатәи Аокруг Аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәқәа ргеит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Данил  Допуа аиааира игеит, Дамеи Кархалаа – араӡнытә аԥхьахә игеит  2009-2011 шықәсазы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысыз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Алада Урыстәылатәи Аокруг Аԥхьахәгара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.  

Данил Допуа  52 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит, Дамеи Кархалаа  -  41 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара.  Аспортсменцәа Ареспублика Адыгеиа ахьӡала иқәгылон.

Аԥхьахәгара мҩаԥысуан жәабранмза 2-инаркны 4 аҟынӡа Славианск-на Кубани ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит 320-ҩык аспортсменцәа.

Аԥсуа спортсменцәа азыҟарҵоит азыҟаҵаҩцәа  Игорь Бераеи Мераб Хашбеи.

 

 


Read 174 times - Ашәахьа, 05 Жәабран 2024 13:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.