АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жәабран.2024

2024 шықәсазы апрограмма «Ақыҭанхамҩа аҿиара» ала аграртә сектор аҿиара иазку апроектқәа рынагӡара азы ареспубликатә биуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ақыҭанхамҩа аминистр  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит  2023 шықәса раантәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы хықәкылатәи зыҿҳәара кьаҿыз апрограмма шхыркәшоу азы. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааны аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәса рзы иазоужьыз аԥарахархәара шаҭаз азы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аинвестициазы ишьақәнарӷәӷәаз 100 млн. мааҭ иабзоураны, аусбарҭа 99,9 млн. мааҭ Аԥсны  Аҳәынҭқарра агроааглыхратә комплекс ихадароу асекторқәа рыҿиараҟны рхархәара алнаршеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Џьопуа.

Аҳасабырба ала, ақыҭанхамҩа ахырхарҭа хадақәа ируаку - аҵиааӡара иазоужьын 37, 5 млн. мааҭ, ҷыдала, 48,9 нызқь еиуеиԥшым аиҭаҳатә хкқәа раахәаразы, уахь иаҵанакуеит 25.381 шьапы амандарин, 114, 5 гектар, ари уаанӡа хархәара змамыз адгьыл ақәаарыхра алнаршеит. Иара убас, аиҭаҳатәқәа ҿыцқәа рыхьчаразы аанда акәыршазы иаахәан аҵәҩанқәеи, аихатә даҷи.

Беслан Џьапуа иажәақәа рыла, арахәааӡара иазоужьын 13,6 млн.мааҭ, уи иалнаршеит анхамҩақәа рахь арахә рыҭара, иара убас ашьхымӡақәеи ашьхақәеи раахәара, убриала ашьхааӡара аус адгылара аҭоуп.

Аԥсыӡааӡара знапы алаку анаплакқәа рыцхыраара иазоужьын 2 млн. мааҭк, аԥсыӡ наплакы иадҳәалоу амаҭәарқәа раахәарагьы убрахь иналаҵаны.

Афинанстә цхыраара ҟаҵан иара убас аҵиаақәа рыхьчаразы, аарыхратә техникатә база аԥҵареи арҿиареи рзы, имаҷу амеханизациа ахархәагақәа раахәаразы, иара убас аветеринартә маҵзурақәа рзы ареагентқәа раахәаразы.

«Арҭ  ауснагӡатәқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩатә аархыра технологиала аиқәыршәареи  ашәарҭадареи рыҩаӡара ашьҭыхра иацхрааит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр.       

Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммаҟны иҟоу аихьӡарақәа зыдҳәалоу ақыҭаҟны зхатә ус иаҿу ауаа рхыԥхьаӡара иахьазҳаз мацара акәӡам, Аԥсны Аҳәынҭқарра аграртә сектор аҟны иара убас ааглыхратә лшарақәа рыцҵара азгәаҭоуп.

«Ари алыршахеит ақыҭанхамҩатә аарыхра хықәкылатәи адгылара аҭареи атехнологиа ҿыцқәа ралагалареи ирыбзоураны. Ақыҭанхамҩа аминистрра еиқәыԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа рынагӡарала аҿҳәара ду змоу  алҵшәа бзиақәа ирықәгәыӷуеит», – ҳәа иазгәаҭоуп аминист иҟаиҵаз аҳасабырба аҟны.

Абри инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аминистрра 2024 шықәсазы иазԥхьагәанаҭоит аграртә сектор аҿиара иазку апроектқәа рынагӡара.  Аминистрцәа реилазаара аҿы 29.12.2023  шықәсазы ирыдыркылаз  Ақәҵарала абарҭ ахықәкқәа ирзоужьуп 150 млн мааҭ.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аграртә сектор аҿиаразы аԥхьаҟатәи аусура иацҵахоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: 

- Аарыхратәи аекспорттәи усура иазынархоу апроект ҿыцқәа рыҭҵаареи рхацыркреи; 

- Аграртә проектқәа зегьы рхылаԥшреи рымҩақәҵареи рзы есқьынагьтәи акомиссиа аԥҵара;

- Абиуџьеттә ԥара рзоужьра аизырҳара зынагӡара мҩаԥысуа реиԥш, иҿыцу аԥшьгарақәагьы.

«Иазоужьу аԥаратә хархәагақәа имҩаԥысуа апроектқәа рыдгыларагьы, апрограмма алахәцәа ҿыцқәа ралаҵаразгьы алшара аԥнаҵоит, убри алагьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аԥхьаҟатәи аҿиара иацхраауеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.  

«Ақыҭанхамҩа арҿиареи аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵареи ақыҭуаа ақыҭаҟны раангылара, амилаҭтә культуреи амилаҭтә хаҿреи реиқәырхара иацхраауеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Уи иара убас ақыҭанхамҩатә усхк ганрацәала адгылара аҭарагьы дшазхиоу иҳәеит. 

 

 

 

 

 


Read 146 times - Ашәахьа, 05 Жәабран 2024 17:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.