АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2024

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу афымцамч арцәара аграфик аиҭахәаԥшразы аҳәара ҟалҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоуи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә Хеилаки жәабранмза 6 инаркны иалагалахо ашколқәа рҿы аҵара асааҭқәа ирықәшәо афымцамч арцәаразы аграфик ҿыц инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.

«Уи ашколқәа рҿы иахьа иара усгьы имариам аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит, атәыла ашколқәа рҿы ауадақәа рырԥхаразы аиҳарак ахархәара зауа афымцатә рԥхагақәа ахьраку инамаданы, аҵаҩцәа рчымазахара иацнаҵоит.  Есышықәса, аиҳарак аӡынтәи аамҭахәҭа азы ишьақәгыло ари аҩыза аҭагылазаашьа ахәыҷқәа ргәабзиара ашәарҭара иҭанаргылоит. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аҭагылазаашьа аганахьала 2024 шықәсагьы иаԥхьанеиуаз ашықәсқәа ишреиԥшхаз», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи аомбудсмен Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә Хеилаки иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа  атәыла анапхгареи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгареи рахь афымцамч арцәара аграфик еиҭахәаԥшзарц азы аҳәара ҟалҵоит.

 


Read 151 times - Аҩаша, 06 Жәабран 2024 15:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.