АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2024

Аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзурақәа аҵх зегьы аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿын.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы иацы ауха иҟалаз аԥшацәгьа иахҟьаны Синоп аҳаблаҿы атрасса ианаҳалеит иҵырҩыз аҵлақәа хԥа.

Убри иахҟьаны сааҭқәак рыҩныҵҟа атранспорт аныҟәара аанкылахеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа оперативла ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеины амҩа дрыцқьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.  Аԥшацәгьа иахҟьаны иара убас ааха роуит афымцамҩангагақәеи атроллеибус ацәаҳәақәагьы.

Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзурақәа русзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы аҵх зегьы аус руан ҳәа еиҭеиҳәеит.  

«Иҵысыз аԥшацәгьа иахҟьаны  Синоп аҳабла, ААУ иахьаҵанакуа, иара убас Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк аҿы аҵлақәа каҳаит.  Синоп аҳаблаҿы аҵх иалагӡаны оперативла зегьы ықәыргеит.  Иарбоу араион аҿы ахыкәшарҭатә мҩа ахьыҟам инамаданы, саҭҭқәак рыҩныҵҟа амашьынақәа рныҟәара аанкылахеит. Иԥҵәаз афымцамҩангагақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥыргоит Аҟәатәи Афымцатә Станциа аусзуҩцәа.  Аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит атроллеибустә цәаҳәагьы», - ҳәа иҳәеит Руслан Аҩӡба.


Read 147 times - Аҩаша, 06 Жәабран 2024 18:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.