АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2024

Аҵара аминистр Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа 2023 шықәсазы Аминистрра инанагӡаз аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр  Инал Габлиа Аҳәынҭқарра Ахада иҿы 2023 шықәсазы Аминистрра инанагӡаз аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.  

Инал Габлиа Аҳәынҭқарра Ахада иҿы аҳасабырба ҟаиҵеит ашколнӡатәи, алагарҭатәи, ихадоуи абжьаратәии зеиԥшҵараиура, ахәыҷқәеи адуқәеи рзы изыцҵоу аҵараиуреи, абжьаратә занааҭтә ҵараиуреи, арҵареи рырҿиара ианамаданы. 

Аусбарҭа анапхгаҩы адырра ҟаиҵеит Аҵара аминистрра аполитиказы.  «Ҷыдала, уи зызку зҽеиҭазкуа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рҭахрақәа инарықәыршәаны аҵараиура ахаҭабзиара ашьҭыхроуп, зхаҭабзиара ҳараку аҵара аиуразы алшара аԥҵароуп, аҵаратә система аҩаӡарақәа зегьы рыҟны аҳәынҭқарратә бызшәа апозициа арӷәӷәароуп», - иҳәеит аминистр.

Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит аминистрра иазнархиаз иҿыцу аҵараиуратә проектқәа. 

«Аҵара аминистрра ахықәкытә хырхарҭақәа рынагӡаразы аус рыдаҳулеит абарҭ апроектқәа: «Ҳаамҭазтәи Аԥсны ашкол»; «XXI –тәи ашәышықәсазттәи арҵаҩы»; «Дарбанзаалак ахәыҷы иуникалтәра»; «Ацифратә ҵараиуратә ҵакыра»; «Изыцҵоу аҵараиура»; «Иааиԥмырҟьаӡакәа арҵаҩы аус идулара ацентр»; «Амедицина-педагогикатә маҵзура»; «Асоциал-реабилитациатә центр», - адырра ҟаиҵеит Инал Габлиа.

Аминистр инарҭбааны далацәажәеит абиԥара ҿыц азы арҵаратә литература аус адулара атәы. Уи иажәақәа рыла, арҭ арҵаратә материалқәа Аԥсныҟа иаагахоит  ҳазҭоу ашықәс жәабран мзазы. Абри инадкыланы имҩаԥысуеит аԥсуа бызшәа ахьырҵо ашколқәа рыҟны 1-тәи акласс азы аметодика азырхиара.

Иазырхиоуп агеографиа иазку арҵага шәҟәы 8-тәи акласс азы. Иҭыжьуп ацхыраагӡа афинанстә дыррақәа ирызку 11-тәи акласс азы, аԥсуа школқәа рзы аурыс литература арҵага шәҟәы 2-хәҭакны ишьақәгылоу.   

«Иҳаҩсыз ашықәс азы еиҿыскааит иагьымҩаԥызгеит асеминарқәа, атренингқәа, аконференциақәа аҵараиура аусхк аҟны жәларбжьаратәи аспециалистцәа, иреиӷьу Аԥсны арҵаҩцәеи аметодистцәеи алархәны»,- иҳәеит И. Габлиа, арҭ асеминарқәа 321- ҩык арҵаҩцәеи 100- ҩык инареиҳаны аҳәынҭқарратә маҵураауаи рылахәын.

Аҵара аминистр иара убас аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы.

Аслан Бжьаниа аминистр дазхьарԥшны далацәажәеит арҵаҩцәеи аҳәынҭмаҵзураауаи рыквалификациа ашьҭыхра шаҭаху атәы.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас далацәажәеит «атомклассқәа» рызҵаара. «Сынтәа даҽа ҩ-класск ааҳартуеит», - иҳәеит Инал Габлиа.  Абри инамаданы уи иҳәеит арҵаҩцәа разымхара апроблема шыҟоу, ҷыдала уи ақыҭа школқәа ишырныԥшуа. 

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит атехникатә хырхарҭа иазку арҵаҩцәа разыҟаҵара иамоу аҵакы.  «Ҳара анџьнырцәа, аргылаҩцәа, атехнологцәа, афымцамч усзуҩцәа ҳҭахуп. Иҟоу адиспропорциа риашатәуп. Ҳара ҳҿы аспециалистцәа-агуманитарицәа еиҳауп», - ихеит Аслан Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа аусбарҭа анапхгаҩы инапы ианиҵеит ашколқәа аԥсуа бызшәеи Аԥсны аҭоурыхи ирызку арҵагатә литературала реиқәыршәара. 

Ирылацәажәеит иара убас атәылаҟны абаҩрҵәыреи аспорти рызҵаара.  Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит амилаҭ ргәабзиаразы изҩыду аԥсҭазаара аларҵәара иамоу аҵакы. «Ахәыҷтәы спорттә шҭақәа рыргылара иазку апроектқәа аԥара рзоужьхоит», - иҳәеит А. Бжьаниа.

Аусбарҭа аусура аихшьалақәа ҟаҵо, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҵараиурҭақәа арҵага шәҟәқәа рыла реиқәыршәара шаҭаху. Ахада аҵара аминистрра аусура цәгьаӡам ҳәа ахәшьара аҭаны, иазгәеиҭеит «Аҵараиуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус адулара хыркәшаны адкылара рҽазыркырц. 

 

 

 

 


Read 136 times - Аҩаша, 06 Жәабран 2024 19:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.