АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

Лыхны ақыҭан 57 цыра амаининг аппаратқәа ԥшааны ирымырхит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәшеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәшеи русзуҩцәа Лыхны ақыҭан 57 цыра амаининг аппаратқәа ԥшааны ирымырхит.

Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усура иалҵшәаны дшьақәыргылан изакәанымкәа аус зуаз ари акриптаферама зтәыз. Аппаратқәа афымцацәаҳәақәа рҟынтәи иаҿыхны араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша ахь аамҭала ашьҭаҵаразы  инагоуп.

Изакәанымкәа акриптаферма аус арура афакт аганахьала агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, ашәҟәынҵа еиқәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гәдоуҭа араион Ахадара аофициалтә саит.


Read 129 times - Ахаша, 07 Жәабран 2024 11:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.