АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

Аелектронтә сигареҭқәа реикәыршара азы азакәан апроект аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа  аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аникотин злоу аалыҵқәеи урҭ злашьақәгылоу ахәҭақәеи аелементқәеи рхархәара азы ахархәагақәа реиҭарсра аҭышәынтәалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

«Иарбоу азакәан апроект аус адулоуп ареспублика Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы, аиҳаракгьы зықәра намӡац аникотин злоу аалыҵ ахархәара аҟынтәи ргәабзиара аԥхасҭа аҭара аҟынтәи рацәыхьчаразы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа авеиперқәа ҳәа изышьҭоу ахаратә хархәагақәа реикәыршара аизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп.

Азакәан апроект аҿы иазгәаҭоуп, аҵыхәтәантәи аамҭазы иарбоу априборқәа рхархәара шазшаз ашколхәыҷқәеи зықәра наӡам ахәыҷқәеи рыбжьара. Уи агәҭынчымра узцәынамгар залшаӡом.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аалыҵ ҿыцқәа «еиҳа ишәарҭам», «згьама бзиоу», «алҩа зхылымҵуа» ҳәа  аӡыргара амҩаԥгарала еиҳа-еиҳа ицәырҵуа иалагеит.  Арҭ  аалыҵқәа «ишәарҭам», мамзаргьы «згьама хаау» аалыҵ  ҳәа  адгалара ҟаҵо, иарбоу аалыҵ аҭыжьыҩцәа ахархәаҩ ҿыцқәа, ахәҭакахьала зықәра намӡац  радыԥхьаларазы амаркетигтә тактика рхы иадырхәоит, ахәыҷқәа аникотин иадыршьцылоит.

«Имҩаԥгаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит аелектронтә сигаретқәа (авеипқәа) рхархәара арыԥҳа ишазеицәо, абронхит шцәырнаго, аинфаркти, аинсульти, акьыбачымазареи дырҵысыр шауа, аԥҳәыс лыхшараиуратә система ишаныруа, аникотин ушанаршьцыло. Иара убас афизиологиатә ԥырхага анаҩс аелектронтә сигаретқәа рахараан  ахаратә шьақәгылақәа ииашамкәа рхархәараан ацәеижьтә ааха аиургьы алшоит. Ахаратә шьақәгылақәа ахагатә ӡшьарқәа рыцәцар алшоит, усҟан уи иалоу ишҳаму амаҭәашьар ахәыҷы ицәа, мамзаргьы ицәеижь иалалар ҟалоит.

Уажәы  Адунеи атәылақәа ҩажәижәаба инареиҳаны рҟны аникотин аагаразы аелектронтә системақәа рыҭира азин ыҟам», ҳәа иарбоуп аилыркаагатә шәҟәы аҿы.

В настоящее время уже более чем в тридцати странах мира действует запрет на продажу ЭСДН», – говорится в пояснительной записке.

Аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, 2020 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2023 шықәса лаҵара 2 рҟынӡа ареспубликахь иаларгалеит 71 000 аникотин злоу аалыҵ ахархәара иазку аелектронтә хархәагақәеи ахагатә ӡшьарқәеи. 

 

 

 


Read 134 times - Ахаша, 07 Жәабран 2024 13:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.