АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

«Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан апроект аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы  «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан  апроект  рыдыркылеит.

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, иарбоу азакәан апроект адкылара ахымԥадатәра иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара аҿы ареспублика амилаҭтә шәарҭадара ашьақәыргылара азы ихадоу аҵакы змоу астратегиатә обиектқәа рсиеи реилкаареи ахьыҟам ауп изыдҳәалоу.

Иарбоу азакәан апроект астратегиатә обиектқәа ралкаареи рҳәаақәҵареи рзы азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылара иазырхоуп.

Аусшәҟәы аҿы иарбоуп астратегиатә обиектқәа рахь иаҵанакуа  аобиектқәа. Уи – ауаажәларра рыҿиара азы ихадоу асоциал-економикатә ҵакы змоу амазара, Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара аҭагылазаашьа анырра азҭало амазара ауп.

Астратегиатә обиектқәа рахь иаҵанакуеит:

- Атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, анапхгаратә еимадара Агентра роперативтә напхгараҭараҿы иҟоу арратә техникеи аиқәыршәагақәеи;

- аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхархәараҿы иҟоу ахыбрақәеи ауадақәеи;

- атәылахьчаратә маҭәахәқәа ҭзыжьуа аобиектқәа;

- аенергетика аобиектқәа, зымчхара 5 МВт иреиҳау ашьақәгылагақәа афымцамч ала еиқәзыршәо аобиектқәеи амагистралтә фымцамҩангагақәеи;

- амагистралтә аимадара ацәаҳәақәа;

- аимадара аобиектқәа (аҳақәа, ахархәагақәа, ашьақәгылагақәа, ахыбрақәа), ателе-радиодырраҭаратә обиектқәа, ателехәаԥшратәи арадиотәи ацентрқәа, аинформациатәи ателеграфтәии Амаҵзурақәа;

- аҳаиртә ныҟәареи авиациеи реиҿкаара асистема аобиектқәа, аҳаиртә ныҟәара атрасса амаҵзура аобиектқәа, аҳаиртә цәаҳәақәа, аҳаиртә ныҟәара анапхгараҭареи ахылаԥшреи рхархәагақәа, аҵыԥраа-тәаратә цәаҳәақәа;

-  аеродромқәа;

- ареспубликатә аихамҩақәа, ареспубликатәии аҭыԥантәии аҵакы змоу автомашьынатә мҩадуқәа, автовокзалқәеи аихамҩатә вокзалқәеи;

- аӡылеиқәыршәаранхамҩатә еиқәыршәагақәа, иԥсабаратәу аӡиақәа, аӡиасқәа, аӡеизакырҭақәа рколлекторқәа, аӡыхкырақәа, аӡхагаларатә станциақәа;

- азеиԥшҳәынҭқарратә ҵакы змоу асқьалатә аӷбакыдгыларҭақәа, агидротехниктә еиқәыршәагақәеи аргыларақәеи, алашарбагақәа, алашаратә ардыргақәа;

- агәабзиарахьчара аиҿкаара аобиектқәа ;

- аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа;

- ҷыдала акультуратәи, мамзаргьы анаукатәи ҵакы змоу аобиектқәа;

-  аҵарадырратә усбарҭақәа.

Иарбоу аобиектқәа рсиа аминистрцәа Реилазаара аҿы еиқәыршәахоит, анаҩс уи ашьақәырӷәӷәаразы  Апарламент ахь инашьҭхоит.

Азакәан апроект иарбоуп астратегиатә обиектқәа рыприватизациа алзмыршо анормақәа.

 

 

 

 

 


Read 122 times - Ахаша, 07 Жәабран 2024 21:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.