АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

Атуризм аусхк аҟны ашәахтә ааимҭақәа 2023 шықәса аҩныҵҟала иартәеит 1 млрд 42 млн мааҭ.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭемраз Хышба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҳаҩсыз ашықәс азы атуризм Аминистрра имҩаԥнагаз аусура алҵшәақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Аҳасабырбаҟны изларбоу ала, 2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны жьҭаарамза 1-нӡа атуристтә усхк алҵшәа бзиақәа аанарԥшит, аекономика абиуџьетшьақәыргылараҟны ихадароу секторны ишыҟоу шьақәырӷәӷәаны, ашәахтә ааимҭақәа зегьы рыҟнытә ахԥатәи рыхәҭа алагало.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиаразы хырхарҭа хаданы ишыҟоу.

«Атуризм, афинанстә ган анаҩсангьы, ҳара ҩныҵҟала иаҳзааигәоу хырхарҭоуп: ҳара асасдкылара злоу милаҭуп, асас иааира ҳаигәырӷьоит», - ҳәа иацҵаны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аминистр Ҭемраз Хышба иҟаиҵаз адырраҭарала, аҳасабырбатә аамҭа аҩныҵҟала аминистрра аизҳара маҷымкәа иамоуп. Ари раԥхьа иргыланы, аиарҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 46 972 рҟынӡа иахьацлаз, анхарҭатә обиектқәа 1052 рҟынӡа иахьеиҳахаз иабзоуроуп.

Акрызҵазкуа факторны иҟалеит атуризм аусхк аҟны ашәахтә ааимҭақәа рыцлара, уи 2023 шықәса аҩныҵҟала иартәеит 1 млрд 42 млн мааҭ, ари уи аԥхьатәи ашықәс арбагақәа раасҭа еиҳауп. Арҭ алҵшәақәа ирҳәоит атәыла аекономикаҟны атуристтә усхк ароль ишазҳауа атәы. 

Ҭемраз Хышба иара убас иазгәеиҭеит АА атуризм аминистрра ҷыдала хшыҩзышьҭра шанаҭо амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра. Аҳәынҭқарратә стратегиа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, агидцәа-аиҭагаҩцәа, атуризм азы аинструкторцәа рзы аттестациа, Ари апрофессионализми ирыдаҳгало атуристтә маҵзурақәа рхаҭабзиареи рыҩаӡара ашьҭыхра иацхраауеит. 

Атуризм ахырхарҭа ҿыцқәа активла рырҿиара, аустәқәа, ахәышәтәра-гәабзиарачаԥаратә, аекологиатә, агастрономтә, ақыҭатә, адин-ԥшьаҭыԥҭааратә, иара убас иҿыцны ицәырҵыз,  автокемпинги аглемпинги атуристтә аалыҵ амҽхак арҭбаара иацхраауеит.

«Адунеи зегьы аҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҷыдала ирылаҵәаны иҟоуп аглеемпинг. Атуристцәа еиҳа аԥсабараҿы аԥсшьара еиӷьаршьо иалагеит», - ҳәа азгәеиетит Ҭемраз Хышба.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуристтә инфраструктура арҿиара иацхраауеит адәныҟатәи аинвестициақәеи аинвесторцәа рзы ашәахтә гәызҭаҵара змоу апакетқәеи. Асассаирҭа ҿыцқәа рыргылара, иҟоу аԥсшьарҭатә обиектқәа рырҿыцреи иара убас атуристцәа ирызку амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәреи рхырхарҭақәа рымҽхак арҭбаареи иацхраауеит.  Ахархәарахь ирыҭоу аобиектқәа ЗҲӘА «Уаԥстәыла» Греис Аква Вилла, ЗҲӘА «Алегьенда1», ЗҲӘА «Амшынеиқәатәи абырлаш», Аԥсны ҳаамҭазтәи аицлабралшара змоу аинфраструктура аԥҵара ишалагаз убартә иҟалеит.

Иазгәаҭоу аихьӡарақәа шыҟоугьы, атуристтә усхк аҟны ауадаҩрақәа шыҟац иҟоуп аҳәаа ахыҵреи, аинфраструктуреи, амаҵзурақәеи реиӷьтәра азҵаара инамаданы.   «Аҳәаахьчаратә пункт Ԥсоу аҟны аԥхын  изҵоу инамыцхәны аидара инамаданы арҿыцра аҭахны иахьыҟоу, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыҟны асервиси атуристцәа рҭагылазаашьеи реиӷьтәразы лассы ауснагӡатәқәа  мҩаԥгатәуп», - иҳәеит Ҭемраз Хышба. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аԥхьаҟа арҿиареи ари аусхк аиӷьтәреи рзы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит ажәалагалқәа рымҽхака ырҭбаауа, амаҵзурақәа рхаҭабзиара еиӷьтәуа.   Аминистр Ахада адырра ииҭеит Атуризм аминистрра атуризм хкы ҿыцқәа рырҿиаразы аԥшьгара ҿыцқәа шазԥхьагәагнаҭо. 

Аԥсны Ахада аминистр адҵа ииҭеит аусхк аҿиара аплан азырхиаразы, убри аан ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭарц мрагыларатәи Аԥсны аганахь атуристцәа раҭаара аизырҳара. «Ҳара ҳтәыла алшарақәа ҳдыруазароуп, уаҵәтәи амш зеиԥшрахогьы ҳхаҿы иааҳгароуп. Шәача ақалақь шықәсык 7 млн атуристцәа аднакылоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра хынтә еиҳаны ишаҵанакуагьы, ашықәс азы  550 нызқь роуп иаҳтаауа. Ҳзызхәыцша, иҟаҳҵаша ыҟоуп», -  ҳәа иҳәеит  Аслан Бжьаниа.

 

 

 

 


Read 72 times - Ахаша, 07 Жәабран 2024 22:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.