АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

Агәабзиарахьчара аминистр Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аусураҿы иҟоу агхақәа рырҽеира хаҭала ахылаԥшра аиҭалоит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит.

Ахәышәтәырҭа ахь аинспекциатә ҭаара ауааԥсыра рҟынтәи ахәышәтәырҭа аусура аганахьала лассы-лассы иаадырԥшуа иалагаз агәынамӡарақәа ирыдҳәалахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

«Иҟоуп уадаҩрақәак, иҟоуп шәусура аганахьала аҽԥынкыларақәа, агәабзиарахьчара Аминистррахьы ауаа ашуеит. Ҳара араҟа арҭ азҵаарақәа ҳаӡбароуп», – ҳәа иҳәеит аминистр. Уи аҳақьымцәа амедусбарҭа амаҵзурақәа зегьы русура азы адырра ҟарҵарц азы аҳәара ҟаиҵеит.  

Аҳақьымцәа данрыҿцәажа ашьҭахь еилкаахеит ахирургиатә маҵзура азы иаахәаз амаругақәа аинсталлиациа аетап аан атехникатә уадаҩрақәа шцәырҵыз, убри аҟнытә уи инагӡаны аус арура залмыршахеит.

Аминистр аамҭа кьаҿ иалагӡаны амаругақәа аус рырура азы апрофильтә специалистцәа рынашьҭра азы адҵа ҟаиҵеит.

Агхақәа аарԥшын ахәышәтәырҭа абиохимиатә лабораториа аусура аҿы.

Аминистр ахәыҷқәа ианаамҭоу зхаҭабзиара ҳараку ацхыраара рыҭара иаҵоу аҵакы дазааҭгылеит. Иарбоу аусура ахырхарҭа аминистр ихадоу акакәны иазгәеиҭеит.  Хыхь иарбаз аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иара хаҭала ахылаԥшра аиҭалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 127 times - Ахаша, 07 Жәабран 2024 23:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.