АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны Анхаратә закәанеидкыла апроект рыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны Анхаратә закәанеидкыла апроект рыдыркылеит.

Апроект адгалара мҩаԥигеит аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи  рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа.

«Иахьатәи амш азы Аԥсны анагӡара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә милаҭтә программа «Анхарҭаҭыԥ», аха убри аан ареспублика ҳаамҭазтәи аҿиара аетап иақәшәо  анхаратә зҵаарақәа закәаншьаҭала рыӡбара алыршаӡам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Резо Занҭариа.

Иахьазы Аԥсны аус ауеит 1981 шықәсазы ирыдыркылаз Анхарҭаз азакәанеидкыла.

«Анхарҭатә  закәанеидкыла апроект аус адулареи Апарламент ахь ахәаԥшразы анагареи,  аԥснытәи азакәанԥҵара аҿы иҟоу абжьажь ахарҭаареи атәылауаа анхарҭала реиқәыршәаразы  рконституциатә зин анагӡареи атәылауаа зегьы рзы анхарҭа апроблема аӡбара амеханизмқәа раԥҵареи хықәкы хадас иамоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп аилыркааратә шәҟәаҿы.

Апроект аҿы иарбоуп анхарҭатә зинтә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи рынагӡареи рҿы аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа инарыгӡо ароль, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рзинмчы алкаауп.

Апроект аҿы иаҳәоит аҳәынҭқарра иаус хаданы ишыҟоу атәылауаа зегьы рзы анхарҭа апроблема аӡбара амеханизмқәа раԥҵара, аиҳаракгьы заагарҭа маҷу, урҭ иӷару ркатегориахь иаҵанамкуазаргьы.

Иҟоу ауалафахәи ахарџьқәеи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, иахьа анхарҭаҭыԥ аахәара акыр иуадаҩу, мамзаргьы зынӡа изалыршамхо усны иҟалоит. Убри аҟнытә анхарҭаҭыԥ ала аиқәыршәара апроблема аӡбараҿы ихадоу ароль назыгӡо аҳәынҭқарра ауп. Уи ацхыраара зҭахыҵәҟьо ауааԥсыра адгылара рыҭара ԥхықәраны иадлоит.

Анхарҭатә закәанеидкыла апроект аҿы иарбоуп еиуеиԥшым аформақәа змоу аԥаразоужьрақәеи (адотациақәа), азинҷыдақәа рыҭареи, иара убас иалкаау акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа анхарҭаҭыԥ аахәаразы ипроцентдоу акредит рыҭара.

Ус иҟоу рзы Анхарҭатә закәанеидкыла ахқәа руак аҿы иарбахоит аилкаара – икоммерциатәым аԥсахра. Иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит ауадарацәа змоу аҩнқәеи амазара аобиектқәеи хәҭалатәи рыргылара азҵаара.

Анхарҭатә закәанеидкыла иалагалоуп ауадарацәа змоу аҩнқәы рнапхгараҭара аиҿкаара атәы зҳәо ахы. Убри азы анхара-ргыларатә кооператив, анхарҭатә кооператив, анхарҭа ампыҵакҩцәа реиҩызара, уҳәа реиԥш иҟоу аиҿкаарақәа аԥҵахар ауеит.

Апроект аҿы урҭ русура аиҿкаара аԥҟарақәа арбоуп. Иара убас апроект аҿы ауааԥсыра аипотека ала анхарҭақәа раахәара азы алшареи анхарҭатә фонд аилазаара аиҿкаашьеи арбоуп.

 

 

 

 


Read 119 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 01:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.