АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жәабран.2024

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы 2023 шықәсазы аплан 129% рыла инанагӡеит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 49  млрд 2,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, аицҵалыҵ  23% рыла иазҳаит, даҽакала иуҳәозар,  9 млрд. 72 млн. мааҭ рыла.

Аимпорт 41 млрд. 692,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аекспорт  – 7 млрд. 309,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 

2023 шықәса аҩныҵҟа иҟаҵаз аҳазалхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 2 млрд. 847,1 млн. мааҭ рыла  ишьақәырӷәӷәаз аплан аан 3 млрд. 672,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Иазԥхьагәаҭаз арбага 825,6 млн. мааҭ рыла инамыцхәны инагӡахеит, аплан акәзар – 129% рыла инагӡоуп.  

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы азинхьчаратә ҟәшеиҵақәа рыла иҳаҩсыз ашықәс азы иаарԥшын 230 административтә  зинеилагарақәа. Ихацыркыз  ашьаусеилыргарақәа реихшьаалақәа рыла административтә хараԥсақәа раҳасабала ареспубликатә биуџьет иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 6 млн.  560 нызықьи 338 мааҭ  рҟынӡа инаӡоит.


Read 187 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 21:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.