АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жәабран.2024

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҟәа араион аҿы амаининг ферма рыԥшааит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аинформациа-коммуникациатә технологиақәа изакәанымкәа рхархәара аҿагылара аиҿкаара азы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Аҳазалхратә Ԥыԥшырҭеи русзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз     63 цыра акриптовалиута арҳара иазкыз аппаратқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Амаининг ферма ааглыхратә зона аҿы иҟоу ашьҭаҵарҭа аҿы иҩнагылан. Ироуз аинформациа ала ишьақәыргылахеит уи аԥшәымас дшыҟоуп иарбоу ахыбра қьырала иаанкыланы измоу Аԥсны атәылауаҩ Смыр Т.Т.

Аппаратқәа зегьы аҿыхны Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахь инаргеит.


Read 197 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 22:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.