АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жәабран.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ицәгьам ҳәа ахиҳәааит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура аихшьалазы, убри инақәыршәаны, 12 мзы рыҩныҵҟа азинхьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала  иаарԥшыз алҵшәа бзиақәа. Иара убас иазгәаҭоуп - атәылаҟны 795 рҟынтә 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи шаҳаҭра ауеит аусура адинамика бзиа аманы ишымҩаԥысуаз азы.

Амчратә усбарҭа аҳасабырба иаанарԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ақәыларақәа рхыԥхьаӡара ишагхаз. Иҳаҩсыз ашықәси ҳазҭоу ашықәси еиҿырԥшны уахәаԥшуазар, 130-нтә еиҵоуп. Еиҳараӡакгьы уи бзианы иубарҭоуп азеиԥшшьауӷа ахырхарҭаҟны, ацәгьоурақәа 119-нтә еиҵахеит. «Иазгәасҭарц сҭахуп, ацгьоурақәа раарԥшра аҩаӡара 95% рҟынӡа ишынаӡо, регионқәак рыҟны еиҳагьы еиҳауп", - иҳәеит Роберт Киут.

Иара убас, Ахада адырра иҭанн 2023 шықәса  рзы, 17 уаҩшьра аҭыԥ шрымаз, урҭ рахьтә  15 аарԥшуп, ҵыԥх ари  аамҭазы 18 уаҩшьра шьақәыргылан.

Аҳәынҭқарра Ахада дразҵааит Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра имҩаԥнаго апрофилактикатә знеишьақәа, ацәгьоурақәа рыҩаӡара армаҷра аус аҟны ахадаратә ҭыԥ аанызкыло. Роберт Киут иҳәеит абри ахырхарҭала аусура арӷәӷәара иабзоураны,  шамахамзар арегионқәа зегьы рҟны ацәгьоурақәа шмаҷхаз атәы. «Еиҳараӡак апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа азҿлымҳара раҳҭоит аԥхынразы: заа ишьақәҳаргылоит ацәгьоурақәа ҟазҵарц зылшо рсиа, ҳрыцклаԥшуеит ацәгьоура мҩаԥыргарц ахьрылшо аҭыԥ ахь инаҳмышьҭырц азы», - иҳәеит аминистр.

Анаҩс, амчратә усбарҭа ахада аҳасабырба ҟаиҵеит ахаҭара иаҿагыланы ацәгьоурақәа аазырԥшуа ауаажәларреи азинхьчаратә усбарҭақәеи рылаԥш ишыҵымшәо. Иазгәаҭоу аамҭа иалагӡаны ас еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа х-хҭыск рыла еиҵоуп. Ауаҩшьрақәеи ауаҩшьразы аҽазышәарақәеи ахьмаҷхаз шаҳаҭра руеит атәылаҿы акриминогнентә ҭагылазаашьа шеиӷьхаз азы" , - ҳәа иҳәеит Роберт  Киут.

Иара убас иазгәеиҭеит аӷьычрақәеи, автомашьынақәа рымҵарсреи рхыԥхьаӡара ишагхаз, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи рхархәареи  раҿагылара аус аҟны аихьӡарақәа шыҟоу.

«Иазгәаҭоуп, арыжә ыжәны мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы  автомашьынақәа рыԥсҟы зку рхыԥхьаӡара шмаҷу. 2023 шықәса рзы ашәҟәы иҭагалан амҩатә машәырқәа 186, ари 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 28-нтәы еиҵан, амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны 2023 шықәса  рзы иҭахеит 57 -ҩык, 2022 шықәса  рзы 64-ҩык», - ҳәа иҳәеит  Роберт Киут.

Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистр иҟаиҵаз адыррала, атранспортла аныҟәара алыршаразы аҳәынҭқарратә программа аус ауеит, амҩа дуқәа рыҟны авидеогәаҭагақәа рышьақәыргылара убрахь иналаҵаны. «Ари асистема мҽхакы ҭбаала аус ауыр, амҩатә машәырқәа рырмаҷра ҳамч ақәхоит. Иааиуа амшқәа рзы 10 камерак шьақәыргылахоит, 2025 шықәсанӡа иазгәаҭоуп 50 камера рықәыргылара", - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Роберт Киут Ахада иҟны иҳәеит аусбарҭаҟны акадрқәа разымхара шыҟоу. Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит аусуцәа руалафахәы зеиԥшроу, аминистр иажәақәа рыла, 2023 шықәса рзы уи иартәеит 25 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа. «2022 шықәсазы  Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра  аусуцәа бжьаратәла руалафахәы иартәон 14 нызқь мааҭ», - ҳәа иҳәеит  Роберт  Киут.

Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭа анапхгаҩы адҵа ииҭеит Аҳәынҭавтоинспекциа аусуцәеи аинспекторцәеи руалафахәы ашьҭыхразы ажәалагала азырхиаразы. «Иҟашәҵаз аҳасабырба аҟынтәи иубарҭоуп Аҳәынҭавтоинспекциа аусҩуцәа шаҭаху, убри аҟынтә ирызхәыцтәуп ауалафахәы ашьҭыхразы иҟоу алшарақәа», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аԥсны Аҳәынҭкарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр 2023 шықәса иазкны иҟаиҵаз аҳасабырба ианыԥшит аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылараҟны изакәанымкәа анаркотикқәа реикәыршара аус инамаданы ишазгәаҭоу қәҿиаралатәи аусура. 

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ицәгьам ҳәа ахиҳәааит, аусбарҭа анапхгаҩгьы адҵа ииҭеит азинхархәаратә ԥышәа анализ азуразы, аус зымуа Ашьауӷатә Закәанеидкыла астатиақәа азҿлымҳара рыҭаразы, азинхьчаратә усбарҭақәа русура зырмарио ажәалагалақәа разырхиаразы.

Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа ааԥхьара ҟаиҵеит иаадырԥшыз алҵшәақәа еиқәырханы, аԥхьаҟа аҭагылазаашьа аиӷьтәра алдыршарц азы. «Ҳтәылауаа ршәарҭадара хьчазар рҭахуп, убас рҭахуп ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы, есышықәса зхыԥхьаӡара иацлало», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

 

 

 

 


Read 214 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 22:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.