Items filtered by date: Ахәаша, 26 Ԥхынҷкәын 2025
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә ресурсқәа ирхылҵуа афымцамч аиуразы аиқәыршәагақәа аҳазалхратә баџь аҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.
Адепутатцәа амратә панельқәа, аԥшагенераторқәа, урҭ рыԥсахгахәҭақәа римпорт аан ихымԥадатәиу ашәатәқәа раԥыхрала аенергиа «иаҵәа» азы атехника аагара дырмариеит.
Азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара аекологиатә хыҵхырҭақәа рыҿиара адгылара аҭара иазырхоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьарала «Аӡбаратә мчра азы» азакәан аӡбаҩцәа рзы афымцамч ахәԥса ашәаразы уаанӡа иҟаз альгота аԥыхра азԥхьагәазҭо аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Амилаҭтә Банк астатистикала аҳәынҭқарратә еимадара асистема иаланагалеит.
Адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала «Астатистикатә усуразы» азакәан ахь Амилаҭтә Банк азинмчқәа зырӷәӷәо аиҭакрақәа ралагалара азы ақәҵара рыдыркылеит. Шьҭарнахыс Астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы атәыла ахада, анапхгареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи инарымариашаны иарбоу афинанстә напхгараҭаратә усбарҭа ахь аофициалтә информациа анашьҭара ҭакԥхықәраны иадлоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ақәҵарала Аԥсны Абанк 2026 шықәсазтәи аныхрақәа рхарџьынҵа иацҵоуп: 100 млн. мааҭ рҟынӡа — абанкнотқәеи аԥараҿырпқәеи рҭыжьра азы, иара убас 17 млн. мааҭ — аусура аиҿкаареи аулафахәы ашәареи рзы. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа аруааи, апрокуратура аусзуҩцәеи, аҳазалхратә усбарҭақәа рмаҵурауааи рзы афымцамч альготатә маҵзурақәа ркатегориа алгара азы ажәалагара ҟарҵоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент анаплак маҷқәеи абжьаратәи анаплакқәеи ҳәа реихшаразы акритериақәа шьақәнаргылеит.
Уи азы лЖәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала «Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы» азакәан ариашарақәа аларгалеит.
Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы азакәан апроект ҳазҭоу ашықәс рашәарамза 30 рзы имҩаԥысыз аилатәара актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Агәаҭаратә Палата аныҟәгаразы 2026 шықәсазы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ алыркааит. Уи 67,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Сухум. 26 декабря 2025. Апсныпресс. Депутаты определили сумму средств на содержание Контрольной палаты на 2026 год. Она составит 67,5 млн рублей.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара аҽҳәара ацҵаразы аӡбамҭа аднакылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025ш. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2026 шықәсазы Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәаразы аӡбамҭа аднакылеит.





