29.Лаҵара.2022

ЖӘЕИЗА ШЫҚӘСА РАԤХЬА ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ АҨБАТӘИ АХАДА СЕРГЕИ БАГАԤШЬ.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь  иԥсҭазаара даналҵ амш жәеиза шықәса ахыҵит ( хәажәкырамза 4, 1949 шықәса лаҵарамза – 29, 2011 шықәса).

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Уи  Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ацеремониа рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы  Лаша Ашәба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра ахаҭаранакцәа.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь Москва ақалақь, Урыстәыла Афедералтә биологиатә Агентра иатәу 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭа аҿы  ирыԥҳа аҿы аԥҟара анымҩԥгаха ашьҭахь, лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Усҟан уи 63 шықәса ихыҵуан.  Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь анышә дамадоуп Очамчыра араион иқыҭа гәакьа Џьгьарда. Араҟа иара убас анышә иамадоуп иани иаби.  


Read 1718 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.