26.Мшаҧы.2023

Аԥсны Анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалеит 200 нызықь доллар иашьашәалоу аԥаратә хархәагақәа.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москваҟа аусратә визит анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Аль-Џьаафари диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала шьамтәылатәи адипломатиатә миссиа ахада аԥсуа ган Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз рзы агуманитартә цхыраара шыҟанаҵаз азы адырра  иҭан.

Мшаԥымза 26  рзы Аԥсны Анапхгара Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалеит 200 нызықь доллар иашьашәалоу аԥаратә хархәагақәа.

Кристина Озган иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа Аԥсны згәы иалымсыз ҳәа аӡәгьы дыҟам ҳәа иазгәалҭеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усеицура абжьаҵара Аԥсны Анапхгара азы хадара злоу усны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

Шьамтәылатәи Арабтә Республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Аль-Џьаафари аҭак аҳасабала Кристина Озган Шьамтәыла акультуратә ҭынхеи аҭоурыхи иазку иуникалтәу аҭыжьымҭа ҳамҭас илиҭеит.

 


Read 214 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.