27.Мшаҧы.2023

Лаша Ашәба Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпркесс. Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.

Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭыз дныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Урытәылатәи Афедерациа апарламент аусура, апарламентарицәа рыпрофессионализми иныҟәырго аҭакԥхықәреи Урыстәылеи уи атәылауааи рԥеиԥш ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵоит.

Агәра ганы иазгәасҭар сҭахуп ҳтәылақәа рпарламентқәа русеицура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура азинтә шьаҭа аԥхьаҟа аиӷьтәра ишазкхо».

 

Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Вичеслав Володин ихы иқәкны Ашәба Лаша иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа– УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәагьы ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Апарламентаризм амш!

Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аусура ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа ирызкуп.  Агәра ҳгоит ҳпарламентқәа аԥхьаҟатәи русура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ганрацәалатәи аусеицура ишацхраало».

Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент Аиҳабы Афедерациа Ахеилак алахәцәеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи ирзеиӷьаишьеит алҵшәа змоу аусреи иазԥхьагәаҭоу ахықәкқәа рынагӡареи.

 


Read 323 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.