30.Лаҵара.2023

Ҩ-плошьадк: ҩ-митингк.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа уажәы иҟоу амчра иадгыло рмитинг мҩаԥысуеит.  Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит аскульптор Амиран Адлеиба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Валери Аҩӡба, аҭоурыхдырҩы Геннади Ҵулаиа.

Амиран Адлеиба зегьы еидгыланы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи ӡбалатуп, усҟан ауп акахьы ҳанцәырҵуа ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳаанкыланы, цқьа ҳазхәыцроуп ҳаԥсҭазаара еиӷьхарц азы иҟаҵатәу», - ҳәа иҳәеит иара.

Аветеран Валери Аҩӡба иқәгылараҿы аветеран Вианор Ашба иахь ааԥхьара ҟаиҵеит, убри аан уи иара хаҭала дшидыруа, насгьы диԥыланы иацәажәара дшазхиоу азгәеиҭеит.  

Уи еизаз иргәалаиршәеит Вианор Ашбеи ԥыҭҩык арԥарцәеи аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы фырхаҵарала аӷа итанк шааныркылаз, иара убри ала аӡәырҩы рыԥсҭазаара шеиқәдырхаз атәы.  

«Сара, ветеранк иаҳасабала, хаҭала издыруа Вианор Ашба уахь схы рханы исҳәоит уара акыр афырхаҵара аазыԥшхьоу ҳаҭыр-пату зқәу ауаҩы шуаку, сара хаҭала уԥылареи уацәажәареи сазхиоуп, ҳара араҟа иҟоу зегьы ҳаишьцәоуп, еилаҳхуа-еилаҳҵо ҳәа акгьы ҳамам! Иахьа иааҳакәыршаны адунеи зегьы аҿы акыр аҭагылазаашьа аибарххара ананыԥшуа аамҭазы, ҳара ҳаицны ҳәажәлар ҳрызхәыцроуп, реизҳазыӷьара ҳашьҭалароуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵулаиа зегьы еидгыларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Уи 30 шықәса раԥхьа ҳабацәеи ҳашьцәеи зегьы еидгыланы иааргаз Аиааира ҳара еиҵагыло абиԥарақәа ирызнаҳгалароуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Убри аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит аоппозициатә аполитикатәи ауаажәларратәи аиҿкаарақәа рмитинг.  

Уи ааиртит асоциалтә бгаԥса Афонд ԥыхьатәи ахантәаҩы Амиран Какалиа.  Иара еизаз зегьы рахь ачҳара аарԥшны ҳаҭырқәҵарала ахымҩаԥгашьазы ааԥхьара ҟаиҵеит. Амитинг аҿы иқәгыло атәыла анапхгара ауснагӡатәқәа рзы агәынамӡара аадырԥшуеит, Аҳәынҭқарра Ахада алхрақәа раан иҟаиҵахьаз иажәа шынаимыгӡо, иара убас атәыла акризис ӷәӷәа аҿы ишыҟоу азгәарҭоит. Ишьҭырхәуа апроблемақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзы азакәан апроект, афымцамч ахархәаразы атарифқәа рышьҭыхра, аенергетикатә обиектқәа рыприватизациазы ашәарҭара, аҳәынҭқарратә напхгараҭара илаҟәу аҩаӡара, уҳәа убас азҵаарақәа жәпакы.

Аоппазициа иқәнаргыло адҵақәа ируакуп – атәыла Анапхгара ԥхьатәара ашьҭра.


Read 239 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.