07.Ԥхынгәы.2023

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аганахьала ахараԥсақәа раҳасабала абиуџьет иалагалоу ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳазылхратә закәанԥҵара аилагара аԥхьырҟәҟәаара иазку аусура амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳазылхратә усбарҭақәа 2023 шықәса актәи азыбжазы  127 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.  

Ахараԥсақәа раҳасабала ареспублика абиуџьет иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн 708 нызқьи  977 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҳәаа изакәанымкәа иахыгаз амхра мҩаԥган:

Аҭаҭын аалыҵқәа–  342 888 цыра;

Иџьбароу арыжәтә хкқәа – 473 ԥатлыка;  

Афымцатә сигареҭқәа – 670 цыра;  

Акалиан азы аҭаҭын – 305 еилаҳәара;

Қырҭтәыла иҭыжьу аминералтә игазырку аӡы – 206 ԥатлыка;

Амаининг азы аиқәыршәагақәа – 12 цыра, аԥштәылатә металл  –  454 кьыла;

Араса – 458 кьыла.

«Ишиашоу ала аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагара аобиектқәаны иҟаоуп абарҭ атауарқәа:

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә закәанԥҵара аилагарала Аԥсныҟа иаагоу, насгьы Аԥсны иахьаҵанакуа ахархәара змоу  афатә аалыҵқәа, иҿахҵәоу ашәҭқәа, абасратә аалыҵ, апарфиумертәии акосметикатәи аалыҵ, асувениртә аалыҵ, еиуеиԥшым ааглыхратә аалыҵқәа, аиувелиртә лыхқәа, амаининг азы аԥсахга маҭәахәқәеи ахәҭақәеи, апортативтә фымцастанциа акомплект, еиуеиԥшым азкызаара змоу атранспорттә хархәагақәа», - ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Анаркотикқәа рконтрабанда аҿагылара аганахьала ашықәс актәи азыбжазы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы азинхьчаратә ҟәшеиҵақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәеи алархәны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа рҿы Аԥсныҟа изакәанымкәа анаркотикқәеи урҭ рҭыжьразы рхы иадырхәо ахимиатә маҭәашьарқәеи, иара убас анаркотикқәа раналогқәеи егьырҭ арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи  раагареи изакәанымкәа реиҭарсреи ирыдҳәалоу афыктқәа  7 аарԥшхеит.  

Аикәыршараҟынтәи рымхра алыршахеит:

Анаркотикатә  маҭәашьар «Мефедрон» — 56,6 грамм;

«Метадон» – 6 грамм;

«Героин» – 0.6 грамм;

Иџьбароу арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалин» – 59,7 грамм.    

 

 


Read 353 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 20:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.