
pressadmin-2
Гәылрыԥшь араион Ахадара Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аус ацура иазхиоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи уи ихаҭыԥуаҩцәа – Беслан Ҵнариеи Ливтина Ажьибеи дырԥылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп аомбудсмен лофициалтә саит аҿы. Аиԥылара иалахәын иара убас араион Ахадара аструктуратә ҟәшеиҵақәа рхаҭарнакцәа, Гәылрыԥшь араионтә Еизара ахантәаҩы, араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи араион апрокуратуреи рнапхгара.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи реимадара, русеицура аԥышәа, араион аҿы ицәырҵуа актуалра злоу, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат алахәхара зҭаху азҵаарақәа, араион ауааԥсыра Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат ахь адҵаалара шрылшо азы адырра рыларҵәара, араион иҷыдоу амаҵзурақәа русура, Ауаҩы изиқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи астатистикатә дыррақәа рыла аимадара рыбжьаҵара, аҭаацәа-бзазаратә амч ахархәара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.
Аӡиа Риҵа ахь уназго амҩаду аҿы амҩа-транспорттә машәыр зхарала иҟалаз административтә ҭакԥхықәра дақәыршәоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра рашәарамза 30 рзы аӡиа Риҵа ахь уназго амҩаду аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр афакт ала агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Амашәыртә хҭыс зыблала избаз ҟалеит, аха амашәыр иақәшәаз рҟынтәи аӡәгьы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь иадымҵаалакәа аҭыԥ ааныжьны ицеит.
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Автоҳәынҭинспекциа авзвод акомандаҟаҵаҩ Алан Вазиев иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа амҩа-транспорттә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ианнеи амашәыр иақәшәаз амашьынарныҟәцаҩцәа рхаҭара шьақәдыргылеит, урҭ анаҩс рыҿцәажәаразы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ахь инаган.
Ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш инарҭбааны иазгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш Очамчыра ақалақь аҿы азгәаҭара иалагеит «илахҿыху астартқәа» рыла. Анаҩс ахәыҷқәа ирзыԥшын акатер иақәтәаны амшын ала аныҟәара, иара убас шаҟа узыфо аршәы.
Амш аҩбатәи азыбжазы ақалақь Ахадара ахыбра аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы аныҳәа зызкыз зегьы ирзеиҿкаахеит аинтерес зҵоу аконкурсқәеи аҟаза иклассқәеи. Ахәылбыҽханӡа изҭахыз зегьы ахыци ахәымпали рыла ахысразы алшара рзаԥҵан.
35 цыра амаининг-аппаратқәа ԥшааны ирымырхит Очамыра араион аҿы.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәеи Очамчыра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ирыԥшааит 35 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаининг-аппаратқәа. Амаининг ферма ахатәы ҩны иаҵанакуа адгьылҵакыра аҿы игылоу аԥхьакырҭа хыбра аҿы иҩнагылан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, иарбоу аппаратқәа иадырхәоз афымцамч азеиԥш мчхара 122 кВт/м рҟынӡа инаӡоит.
Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса ҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса ҵит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылаҟа адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса аҵра иазкны.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аҟәа. Лаҵарамза 29,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара – Аапарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь Џьгьарда ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҩбатәи Ахада игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь (хәажәкырамза 4, 1949ш. – лапҵарамза 29, 2011 шықәса) иԥсҭазаара далҵит 13 шықәса раԥхьа, 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы Москва, Урыстәыла амедицина-биологиатә усбарҭа 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟны ирԥҳаҿы иҟаҵаз аԥҟара анаҩс мчыбжьык ашьҭахь.
Ихыҵуан 62 шықәса.
Аслан Бжьаниа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара.
Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атрансопрти рминистр Џьансыхә Нанба, иара убас еиуеиԥшым амаҵзурақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәа.
Аиԥылараҟны тема хаданы иқәгылан аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Аилацәажәараҟны инарҭбааны ирзааҭгылеит ареспублика атранспорттә инфраструктуразы акрызҵазкуаны иҟоу зымҽхак ҭбаау ари апроект аганқәа зегьы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны адҷарсҭақәеи аҳаирпланказармеи реиҭашьақәыргаларазы, аиԥшьырҭақәа агерметизациа рзуразы. Аперрон аҟны ихацыркуп ахҟьа хыхьтәи аҿыгҳара ақәхра иазку аусура.
Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа Аиҳабы Андреи Кудимови Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьи Аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа Аиҳабы Андреи Кудимови Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьи Аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит, иара убас Урыстәыла Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьы ирыдысныҳәалоит Аҳәаахьчаҩ Имш!
Урыстәыла Афедератә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура аиашазы ҳаҭыр змоу, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аҭакԥхықәра зцу, иарбантәылазаалак аԥсҭазаараҟны аҭыԥ ҷыда аанызкыло маҵзуроуп.
Иарбан аамҭазаалак, уахынла акәыз аҽынла акәыз, аҳәаахьчаҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылоуп. Аҭоурых ишаҳнарбо ала, Урыстәыла аҳәаақәа рыхьчаҩцәа аамҭақәа зегьы раан ҷыдала агәымшәара, ахачҳара, аԥсадгьыл абзиабара змаз ракәын.
2009 шықәса мшаԥымза 30 рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа иаҵарҩыз «Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҟны аицхырааразы» Аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит. Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аусзуҩцәа аԥсуа коллегацәа рыцырхырааны Ҳаԥсадгьыл аҳәаақәа рыхьчаразы игылоуп.
Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылантәи ихынҳәыз аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иара инапынҵала Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз аделегациа идикылеит.
Аԥснытәи аделегациа напхгара азызуаз Вадим Ҳаразиа Ахада изеиҭеиҳәеит имҩаԥысыз аусуратә ныҟәара атәы. «Сҭамԥыл имҩаԥысит Аԥсуа культуратә центрқәа р-Федерациеи Абыргцәа рхеилаки рылахәцәа рԥылара.
Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара еиду урыстәылатәи арратә база азы аԥсны-урыстәылатәи Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара еиду урыстәылатәи арратә база азы аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит.
«Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аӡбамҭа аднакылеит: Атәылахьчара Аминистрра зыдгалара мҩаԥнагаз, уи иазҿлымҳау анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа ақәыршаҳаҭны заанаҵы Аԥснытәи Аган алархәны аус зыдулаз, Аԥсны иҟоу еиду урыстәылатәи арратә база азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи жәабранмза 17, 2010 шықәса рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа апроект (иацуп) ақәшаҳаҭра аиуроуп», - ҳәа иаҳәоит азинтә шәҟәынҵақәа официалла ркьыԥхьра асаит аҿы икьыԥхьу Ақәҵара атекст аҿы.