pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург ақалақь, Ермитажтәи атеатр аҿы, лаҵарамза 22 рзы аусура иалагеит ажурналист ҿарацәа ХVIII Жәларбжьаратәи рмедиа-форум «Диалог культур». Афорум иалахәуп 29 тәылеи Урыстәыла 45 арегионқәеи рҟынтәи ажурналистцәа, арежиссиорцәа, афотоҭыхыҩцәа, аблогерцәа. Аԥсны аганахьала афорум рхы аладырхәуеит Аԥснымедиеи Аԥсуа Телехәаԥшреи ржурналистцәа.

Дара аҟаза-иклассқәеи, аиҿцәажәарақәеи, астол гьежьқәеи ирылахәоит, иара убас афотоцәыргақәҵақәа еиҿкаахоит.

 «Шәара, ауаа раԥхьаҟа рхәыцшьа, рдунеихәаԥшышьа зеиԥшрахо, ҳкультура, ҳдунеи, ҳкультуратә ҭынха ишазныҟәо зыдҳәалоу хра злоу мчны шәыҟоуп.  Акультуратә ҭынха —имаҭәартәу еиԥш имаҭәартәымгьы – ҳара зегьы ҳгәадура зду ахәдуқәа роуп», — ҳәа афорум алахәылацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарратә Ермитаж адиректор Хада Михаил Пиотровски. 

Афорум аусура актәи амш азы имҩаԥысит ҩ-конференциак –  «Евразиа иҿыцу абиԥара. Акультурақәа рдиалоги адиалог акультуреи» ҳәа хыс измаз, Урыстәылеи Евразиеи инагоу амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи алархәны. Даҽа конференциак – «Аурыс культура Евразиа амедиаҵакыра аҿы. Адиалог ацҵара» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ажурналист ҿаацәа рыла иаԥҵоу аҳәаанырцәтәи апроектқәа рӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол)  Симон Канттәи Имш азгәарҭоит. Ари амш 2013 шықәса раахыс ареспублика аҿы аныҳәатә иусуратәым мшны ирылаҳәахоит.  Симон Канттәи Ацқьа Симон Кантәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.

Симон Канттәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.

Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.

Ари амш Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рзы аҵак ду амоуп, избан акәзар Симон Канттәи араҟа ҳера 1 ашәышықәса азы ақьырсаинра алаирҵәон, араҟа иҟоуп уи ибаҩ-ашаҩ. Ицқьоу Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала Афон Ҿыц уи иԥсыжырҭа аҭыԥ аҿы игылоуп IХ-Х ашә. рзы идыргылаз аныхабаа. Ари амш аҽны ақьырсиан дин ныҟәызго Ԥсырӡха аԥсҭа  игылоу Симон Канттәи ихьӡ зху ари аныхабаа ахь инеиуеит. Уи макьана аус ауӡом, араҟа ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ақьырсианцәа араҟа ацәашьқәа дыркуеит, иара убас Симон Канттәи дахьынхоз аҳаԥы аҿгьы ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы,  Симон Канттәи иҳаԥы аҿы Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберуаа ацаҟьа иалԥҟааны иҟарҵеит аҳаԥы аҭаларҭа, ахаҳә иалху амардуан, амозаикала иқәҵоу Иаса Қьырса, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа, иара Симон Канттәи ихаҭа рхаҿсахьақәа зну аныхачаԥақәа. Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи (Зилота) Имш – Афонҿыцтәи аберҭыԥ аныҳәа ауп, уи Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп. 

Лаҵарамза 23 рзы Афон Ҿыц ауахәамаҟны (IX–X ашә.қәа), иара убас Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихьӡ зху аберҭыԥ (1875 ш.) аҿы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәеит Иаса Қьырса иҩызцәа, ишьҭрақәлаҩцәа ируаӡәкыз, Аԥсны аиашахаҵара алазырҵәоз, Анцәа иажәа ауаа рҟнынӡа  иназгоз Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол) Симон Кантәи.

Аныҳәа азгәаҭара мышкы шыбжьаз, ахаша, лаҵарамза 22, асааҭ 17:00 рзы Ацқьа Пантелемон ихьӡ зху Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Ахәылбыҽхатәи Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит.   

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Аԥсны аусура ианалага инаркны есышықәса аславиан ҩыреи акультуреи рымш азгәанаҭоит.

Лаҵарамза 24 рзы иазгәарҭо ари Амшныҳәа аламҭалазы, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Акультура-рккаратә центр аҟны  Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу ашколқәа ԥшьба рҵаҩцәа рыбжьара адгалара-аконкурс мҩаԥгахеит.  Аславиан ҩыра ахыҵхырҭа аҭоурых азы еицлабуан Аҟәатәи 4-тәи, 6-тәи, 10-тәи, 15-тәи ашколқәа рҵаҩцәа.

Ашколқәа еизгоу ркомандақәа аславиан ҩыра ашьақәгылара аҭоурых азы ирымоу адыррақәа рыла еицлабуан.

Аконкурстә еицлабрақәа ирылагаанӡа акомандақәа зегьы традициала ишаԥу еиԥш ачеи аџьыкеи, ашәаҳәарақәеи акәашарақәеи адныҳәаларақәеи аҭынчреи анасыԥи аизҳазыӷьареи рзы азеиӷьашьарақәеи зцыз акостиумертә  музыка-театралтә қәгыларақәа еиҿыркааит. Аинтерактивтә викторина азҵаарақәа аҭӡы аҿы икнаҳаз аекран аҿы ианылон, иҩны иҟарҵоз аҭакқәа ахәшьара арҭон Ахаҭарнакра аусзуҩцәеи  Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа амаҭәартә методикатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи злахуз аӡбаҩцәа реилазаара. Аусмҩаԥгатә амҩаԥгаҩ иҟалҵоз ахцәажәарақәа рҟынтәи акомандақәа ирылахәызи азгәыбылҩцәеи асасцәеи ауаажәлар аиашахаҵаратә динхаҵара рылазырҵәоз иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа Кирилли Мефодии рҭоурыхи Аԥсни Урыстәылеи аиашахаҵаратә традициақәеи ирызкны акыр аинтерес зҵоу адыррақәа роуит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ашкол аушьҭмҭацәа дрыдныҳәалеит.

«Иахьа шәара шәзы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Уи иаанартуеит иҿыцу, шәхатәы мҩа. Шәашьҭахь иааншәыжьуеит акыр зҵазкуа, хра злоу аԥышәа – аҵараиура азы аџьабааи, хашҭшьа змам ацәаныррақәеи, раԥхьатәи аҩызцәа рырҳареи раԥхьатәи аихьӡарақәеи.

Шәара ишәҵаз рацәоуп, адыррақәеи алшарақәеи шәырҳаит, уи шәаԥхьаҟа акыр ишәыхәараны иҟоуп. Шәаԥхьа ишәзыԥшуп иҿыцу ацәырҵрақәа, алшарақәа, ахықәкқәа. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Мҩамш, аҩызцәа!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аҿар рахь лхы рханы доусу хьаҳә-хьачарада рыгәҭакқәа рынагӡара иашьҭаларц, акы иацәымшәарц, агәыҩбара аадмырԥшларц азы ааԥхьара ҟалҵеит.  

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба Владимир  Харабуа иԥшәмаԥҳәыс лнапаҿы илиркит лыԥшәма ԥсрашьҭахь ианашьахаз Афырхаҵара аорден.   

Аҳәынҭқарра Ахада ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны,  Харабуа Владимир Родион-иԥа Афырхаҵаразы аорден ианашьахеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала Давид Габелиа Ареспублика Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Габелиа Давид Нодари-иԥа диит хәажәкырамза 13, 1978 шықәса рзы Киргизтәи Асовет Социалистә Республика, Фрунзе ақалақь аҿы.

1984 – 1992 шш. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол  №20 аҿы аҵара иҵон.

1992 – 1994 шш. Москватәи аобласт Балашыха ақалақь абжьаратәи ашкол №3 аҿы аҵара иҵон.

2000 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминстрра аҟны иҟоу Москватәи Аҳәынҭқарратә Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Ринститут жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет «Акоммерциа» азанааҭ ала далгеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Калмыкиа аҿы Калмыкиа Жәлар Рхурал (Апарламент) ала еиҿкааз Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) XL Аконференциа аусура хыркәшахеит.        Апленартә еилатәара Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала рхы аладырхәит Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аԥснытәи аделегациа напхгара азҭоз Ашот Миносиан, адепутатцәа Венори Бебиа, Левон Галустиан, Нарсоу Салаҟаиа Вахтанги Голанӡиа. Аконференциа апленартә еилатәара амшхәаԥштә даара игәылҭәаан – хынҩажәа инареиҳаны азҵаарақәа алагалан. Уи аҵакы инарҭбааны иалацәажәахьан уи аԥхьа имҩаԥысыз Алада Урыстәыла Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) Ахеилак аилатәара аҿы, иара убас Апарламенттә Ассоциациа акомитетқәеи акомиссиақәеи русура аҳәаақәа ирҭагӡаны.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.