pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 26,  2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26, Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Џьгьиарда даҭааит. Араҟа анышә дамадоуп Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь.  

Аҳәынҭқарра Ахада, Ахада Ихаҭԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба иԥылара мҩаԥысит.  

«Ҳара гәахәара дула иудаҳәныҳәалоит қәҿиарала уқәгылара. Ааигәа уара европатәи аԥкьаҭмпылтә турнир  TE BATD Cup #1 La Cure U12 афиналтә матч аҿы Бельгиатәи иԥхьагылоу аԥкьаҭасҩи уареи шәеицлабра ашьҭахь араӡнытә аԥхьахә угеит. Уи ашьҭахь уара Аԥсны Афырхацәа Арзамеҭ Ҭарбеи Салыбеи Арӡынбеи ргәалашәара иазкны имҩаԥгаз Иаарту ареспубликатә турнир аҿы зхала иҟоу ахәмарра аҿы аиааира угеит, аихацалактә хәмарра аҿы араӡнытә аԥхьахә угеит.  Ҳара есымша ҳаигәырӷьоит уқәҿиарақәа, уара уеихьӡарақәа иазҿлымҳауп, иаргәырӷьоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы. Уқәраҿы иҟоу ахәыҷқәа уҿыԥшуеит, уара уеиԥш иҟаларц рҭахуп. Ҳара иузеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа, аманшәалара», - ҳәа иҳәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы  Ҭарашь Ҳагба.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аспорттә хьыӡқәеи аҟазараҩаӡарақәеи ранашьаразы акомиссиа аӡбамҭа ала, аԥснытәи аспортсменцәа гәыԥҩык ахьӡқәеи аҟазараҩаӡарақәеи ранашьахеит.

«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ ранашьахеит:

– самбо азы – Ислам Абитов, Мураҭ Аров, Инал Гаделиеи   Мураҭ Коготови;

– карате-до азы  – Тариел Чежьиа;

– абокс азы  – Русҭам Аиба, Денис Барчан, Погос Зопуниани Саид Смыри.  

 «Ареспублика Аԥсны аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ ранашьахеит:

– абокс азы – Даур Габриа, Гьаргь Гогохиеи  Баграт Ҭаниеи;

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика Актәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу днеит. Араҟа уи Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремоиа ихы алаирхәит.

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремона ашьҭахь, Аслан Бжьаниа аибшьра аҿы аиааира агареи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан иҟаз хыԥхьаӡара рацәала  ауадаҩрақәа рахгареи зыхьӡ адҳәалоу, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. 

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 16-шықәса аҵра инамаданы,  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. 

Аибашьраан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Нанҳәамза 26  рзы Аԥсны иахьаҵанакуа ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара Амш азгәарҭоит.

16  шықәса раԥхьа, нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Дмитри Медведев Иусԥҟа ала Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи  официалла иазханаҵеит. 

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иамшуп. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш!

2008 шықәса нанҳәамза 26 Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара иазку ажәабжь ҳзаазгаз аҭоурыхтә ҵакы змоу мышны иҟалеит. Ари амш Аԥсны жәлар зегьы рзы ныҳәа дууп. Ашәышықәсақәа раахыс аԥсуа жәлар зеиԥхыӡуаз, гәҭыхас ирымаз наӡеит – иахьа зхы иақәиҭу ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны инхарт-инҵыртә аҭагылазаашьа рымоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.    Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәеи аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи аӡиа Риҵа ахь узланеиуа Бзыԥтәи аҩхаа иахьаҵанакуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа еицымҩаԥыргеит. Ареидқәа рымҩаԥгараан аџьипқәа аанкыланы урҭ рконструкциа аԥсахрақәа алагалоу иалагаламу  гәарҭон, иара убас апассаџьырцәа рымҩаԥгара аԥҟарақәа рықәныҟәара ахьынӡааларшоуи, иара убас иарбоу аусура ахкы анагӡара азакәантә шьаҭас иамоуи  еилыркаауан.   

Аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи апассаџьырцәа рыиагара знапы алаку амашьынарныҟәцаҩцәа рыла ӷәӷәала амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара аганахьала лассы-лассы агәынамӡара аадырԥшуеит. Амашьынарныҟәцаҩцәа аӡәырҩы алицензиеи иахәҭоу аусшәҟәқәеи рыда аекскурсиатә ныҟәарақәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26 рзы ареспублика аҿы иазгәарҭоит Аԥсны зхы иақәиҭу ҳәынҭқарак аҳасабала ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

Иахьа 16 шықәса ҵуеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи. Нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит, уи азы официалла алаҳәарагьы ҟаиҵеит.

Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш Аԥсны иусуратәым ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. Есышықәса, ари амш аҽны ареспублика зегьы ихьаҵанакуа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

– Асааҭ 10:00 рзы иалагоит  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ –Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. 

– Асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада  Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысуеит.

– Асааҭ 12:30 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

– Асааҭ 17:00 рзы – Аҟәа ақалақь, астадион «Динасо» аҿы Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 16-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. Имҩаԥысуеит урыстәылатәи амузыкант, арепер, акомпозитор Баста иқәгылара.

– Асааҭ  21:00  рзы – С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥгахоит аԥснытәи аестрада артистцәа злаху аныҳәатә концерт.

– Асааҭ 22:00  рзы – аныҳәатә салиут.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы 166 ашаьусеилыргарақәа рыла амаҭәартә шьақәырӷәӷәагақәа раҳасабала иҵәахыз анаркотикатә, арҩышьыгатә, арҩышьыгатә маҭәашьар злоу  аҵиаақәа рықәхра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр Роберт Киут иҟиаҵаз адҵа ала Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы 2021 – 2024шш. рзы ишьҭаз анаркотикатә хархәагақәеи анаркотикатә маҭәашьар злоу аҵиаақәеи рықәхра азы акомиссиа аԥҵан.  

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба напхгара зиҭо акомиссиа аилазаара иалалеит  аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа – аексперт-криминалисттә Центр, анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа, ашьаусԥшааратә усбарҭеи ахатә шәарҭадара Аусбарҭеи рнапхгаҩцәа. Аҷыдалкаатә комиссиа алахәхаразы ааԥхьара рыҭоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, апрокуратура Хада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, агәабзиарахьчара Аминистрра, аекологиеи аԥсабареи рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы, Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура, Ауаажәларратә Палата ахаҭарнацәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.  

Асааҭ 10:00 рзы иалагоит  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ –Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.  

Асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада  Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысуеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.