pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашәахьа, нанҳәамза 19 рзы, Аҟәа ақалақь, атеатралтә ашҭа аҿы имҩаԥысит аџьазтә концерт.

Хыԥхьаӡара рацәала аконцерт ахь иааз ахәаԥшцәа рҟазарала ргәалаҟазаара шьҭырхит Аԥсни Урыстәлеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааи Урыстәла Жәлар рартист, асаксофонрҳәаҩы  Игорь Бутмани Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз-бенди. 

Ақәгылара иалагаанӡа Хьыбла Герзмаа, мчыбжьқәак рышьҭахь Урыстәыла ақалақьқәа рахь агастрольтә тур ду алагоит, абҵарамзазы афестиваль раԥхьаӡа акәны Китаи имҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Рафаель Даербаев Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диирдырит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩ ҿыц, аинрал-маиор  Сергеи Шьедрин, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Алеқсандр Анқәаб Амаҵзура уаанӡатәи аиҳабы Андреи Кудимов иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, уи Аԥсны амчратә усбарҭақәа аус ахьрыциуаз ахәшьара ҳарак аиҭеит, аринахысгьы иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» рконцерт мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 18 рзы Х ашәышықәса иаҵанакуа Бедиатәи аныхабааҿы.

Ари аусмҩаԥгатә XXII жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥшьбатәи аконцерт акәын.

Аконцерт аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.

Адунеи зегьы аҿы даара бзиа еицырбо Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка есымша азыӡырҩцәа лыршанхоит иуникалу, акы иаламҩашьо лыбжьы хаа ала. Ари ахәылԥаз азы аоператә шәаҳәаҩи адирижиор, Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар рартист Лев Конторович напхгара зиҭо Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» Бедиатәи аныхабааҿы аклассикатә музыкатә концерт мҩаԥыргеит.

Амузыкантцәа ахәаԥшцәа ирыздырхиеит даара аинтерес зҵаз апргграмма, уи иалалеит адунеитә класика аҟынтәи аԥҵамҭақәа, аурыс, аԥуа жәлар рашәақәа, иара убас асоветтә омпозиторцәа рашәақәа.

Ахәаԥшцәа еихымсыӷьуаз анапеинҟьарала Хьыбла Герзмаа иналыгӡоз В. Беллини иопера «Норма» аҟынтәи Норма лыкаватина, акатолиатә матанеира «Аве Мариа» еиуеиԥшым авариантқәа хԥа, акомпозиторцәа И.С. Бах–  Ш. Гуно,  В. Вавилов – Д. Каччини, В. Шуберт рырҿиамҭақәа, акомпозитор Л. Афанасиев, И. Шаферан иажәақәа рыла иҩыз ашәа  «Гляжу в озера синие».

Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» инарыгӡеит Н. Голованов иашәа «Свете тихий», «Шутка» И. С. Бах- «Laudate dominum», иара убас В.А. Моцарт ирҿиамҭа «Турецкий марш», аурыс жәлар рашәақәа «Тонкая рябина», «На горе то калина».

Ахәаԥшцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡаз аԥсуа жәлар рашәақәа «Ахәра ашәеи», «Ахра ашәа».

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәамсамеизакырҭа аҿы амца арцәара залыршахаанӡа агәамсам ықәызго амашьынақәа уахь изнеиӡом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.

Иара иажәақәа рыла, уажәы Аҟәантәи ирго агәамсам зқәу амашьынақәа Гал уахьналало игылоуп.

«Ҩымш раԥхьа агәамаеизакырҭа адәы аҿы амцакра ҟалеит. Ҳара ҳамчқәа рыла амца арцәара ҳҽазаҳшәеит, аха уи ахьхәыҵҟьаз хыхь акәӡам, аҩныҵҟа ауп иахьыҟоу, амца ахыҵхырҭақәа рахь анеира акыр иуадаҩуп. Убри аҟнытә ихымԥадатәиуп аекскаваторқәагьы амцарцәаратә машьынақәеи аамҭак ала аус руларц. Амцарцәаратә машьынақәа аҵакыра аӡы ақәырҭәо, урҭ рышьҭахь аекскаватор адгьыл аӡы алалартә еиԥш уи еиқәыжьуа иҟанаҵалароуп. Мҽхакы ҭбаала аусура нагӡатәхоит. Агәамсамеизакырҭа аҵакыра дууп, алҩа ахьыӷәӷәоу инамаданы уаҟа аҟазаара шәарҭоуп», – ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.

Амҽыша, нанҳәамза 18, асааҭ 12 рзы Гал араион ахада Константин Ԥлиа Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аҭагылазаашьазы иаԥҵоу аоперативтә штаб еизигеит. Аилатәара рхы аладырхәит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ақаҩба, Гал арион абылра-цәыхьчаратә отриад аиҳабы  Зухбаиа, араион апрокурор Коӷониа, аеколог Киртаӡе, амилициа араионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҷедиа, ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кәакәасқьыр,  Шьашьикәара ақыҭа ахада, уҳәа убас егьырҭгьы.  

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭеи Гал Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭеи ҳазҭоу 2024 шықәса нҵәаанӡа Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь агәамсам анагареи аус адулареи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.   Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа адиректор Руслан Аҩӡба.

Уи иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аҟәа ақалақь Ахадара Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ иргылоу икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭа ҿыц азы ихымԥадатәиу атехникақәа адгалара азԥхьагәанаҭоит. Уи ашьҭахь Аҟәантәи агәамсам Кыцикыҭ инаргалоит.

2019 шықәса раахыс Аҟәантәи агәамсам Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь иргоит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа иҟоу «Москва Аҩни» ахаҭарнакцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нона Дорофеева 100-шықәсатәи лиубилеи лыдырныҳәалеит!

Аветеран ашәҭқәеи аҳамҭақәеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.В.Путин ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәи ланаршьеит.  

Урыстәыла Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ихыркәшахеит Аԥсны Афырхацәа Арзамеҭ Ҭарбеи Салыбеи Арӡынбеи ргәалашәара иазкны имҩаԥгаз аԥкьаҭмпыл азы Иаарту ареспубликатә атурнир.  Нанҳәамза  15 – 19 рзы Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ аҿы имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит ареспублика араионқәа, иара убас Москвеи Санкт-Петербург ақалақьқәеи рҟынтәи 70-ҩык аспортсменцәеи Швеицариантәи иааз спортсменки.  

2014 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит   Омар Коӷониеи Аниса Амҷбеи, аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сандро Ҵнариеи Амра Герхьелиеи, ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Давид Феизбеи Софиа Чаабали.

2011 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Нестор Цужбеии Софиа Ҭарбеи, аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сабри Нанбеи Алиа Ҵнариеи, аџьазтә аԥхьахәқәа ргеит Баграт Иванбеи Валериа Емексузиан.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы Давид Сангәылиа 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нонна Дорофеи-иԥҳа  100-шықәса лхыҵратәи либиулеи лыдиныҳәалеит.

Давид Сангәылиа аветеран агәабзиареи агәамчи лзеиӷьаишьеит.

«Ҳара шәҭаацәа рыгәҭа шәбара даараӡа ҳаигәырӷьоит. Даҽа акыр шықәса агәабзиареи агәамчи шәыманы шҳамазааит, агәалаҟазаара бзиа шәыманы Аиааира Дуӡӡа Амшныҳәа шәаԥылалааит!», - ҳәа иҳәеит Давид Сангәылиа.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа ала Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ареспублика амҩақәа рҿы ирӷәӷәоу арежим ала ареидқәа мҩаԥыргоит.

Ареидқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра идҵоуп Автоҳәнҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡбеи араионтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәеи.

Араионқәа зегьы рҿы аинспекторцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа зыдкыланы  амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа. Арыжәтә адкылара азы агәаҭарақәа есыҽны имҩаԥыргоит.

Ижәны амашьына аԥсҟы акра азы раԥхьаӡа иаанкылоу амашьынырныҟәцаҩцәа ирықәҵахар алшоит 30 нызықь мааҭ ахараԥса ашәареи  6 мыз рыҩныҵҟа амашьына арныҟәцаразы азин рымхреи.  15 мши-ҵхи аҭакреи амашьынарныҟәцаразы азин амхреи рықәҵахоит амедицинатә гәаҭара ахысра мап ацәызкуа. Аҩынтәраан иаанкылахаз амашьынарныҟәцаҩцәа убасҵәҟьа административтә хьырхәреи шықәсык иалагӡаны атранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин рымхреи рзыԥшуп.  

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 – 19 рзы Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы Нхыҵ Уаԥстәылантәи иааз аҳақьымцәа «ахәыҷтәы дабла чымазара» ҳәа зчымазара шьақәыргылоу ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥсуан.   

Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» амедицинатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Нхыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иааит ԥшьҩык ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа: атравматолог–аортопедцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа Георги Чибирови Маирбек Плиеви, ахәыҷтәы анастезиолог–реаниматолог, амедицинатә наукақәа ркандидат Роланд Биченов, ахәыҷтәы кардиохирург, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахаҭарнак Заза Хугаев.

Аԥҟарақәа мҩаԥысит апроект аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны. Актәи етап аҿы ахәыҷқәа ирыхәаԥшит, игәарҭеит, анаҩс ахирургиатә знеишьазы иалԥшаан. Уажәы 11-ҩык зҵыргәа-ныҟәаратә система еиуеиԥшым апатологиақәа змоу ахәыҷқәа рыԥҟарақәа мҩаԥыргахьеит.

Ахирург Георги Чибиров ипациент хәыҷы  Анита лҭаацәа аспециалистцәа аараны ишыҟоу атәы еилыркааит Афонд «Ашана» аҿы аус зуа џьоукы рҟынтәи. Аӡӷаб хәыҷы лшьапқәа рҿы иуадаҩыз аԥҟара мҩаԥыргеит. Уи лан Марҭа Чанач-оглы аҳақьым иҟазара азгәалҭеит:

«Аҳақьым инаигӡаз аԥҟара ашьҭахь сыхәҷы инагӡаны лҵыргәа-ныҟәаратә система аиҭашьақәыргыларазы алшара ҟалеит. Лара шьҭарынхыс уаанӡа еиԥш адәахьы данныҟәаз ирласны дшааԥсалоз еиԥш дааԥсалаӡом, лхалагьы аныҟәара далагоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, сагьақәгыӷуеит зегьы маншәалахап ҳәа, избан акәзар издыруеит сара даара иӷәӷәоу ачҳареи ахықәкынагӡареи злоу ахәыҷы дсымоуп, насгьы акыр ззанааҭ бзианы иаздыруа аҳақьымгьы дҳақәшәеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Атравматолог–ортопед Маирбек Плиев хылҵышьҭрала Нхыҵ Уаԥстәылантәииуп, аҳабла хәыҷы Фиагдона диит. Аҵара иҵон Владиавказ, Амедицинатә Академиа аҿы, анаҩс Курган, зхатә клиникатә база ала еицырдыруа, академик Г. А. Илизаров ихьӡ зху атраватологиеи аортопедиеи рзы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә Центр аҿы  азыҟаҵара дахысит:

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.