pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьымцәа жәабранмза 16 рзы бааԥсыла акы рԥырхагаханы ахәышәтәырҭа  ареанимациатә ҟәша ахь инагаз ԥшьҩык ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. III Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024» жәабранмза 16 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иаатит.

Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Актәи амш азы 9-шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара атурнир мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьи Москва ақалақьи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа аспортсмен ҿарацәа.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи  араионқәеи ақалақәқәеи рхадацәеи афымцамчтә усхк ахаҭанаркцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза–министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

Амш азҵаараҟны иҟан Урыстәыла ахада иалхразы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгараҟны  УА Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭареи ареспубликаҟны афымцамч аусхк аҟны иҟоу иҭагылазаашьеи  ирызку актуалра злоу азҵаарақәа.

Урыстәытәи Афедерациаҟны  аҟны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзаҟаҵара азҵаара инамаданы Бадра Гәынба алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа   ацхыраара иазку аусуратә гәыԥ аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит. 

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аҟынтәи х-ҩык аԥсыӡкыҩцәа рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ рыԥсыбаҩқәа Гагра аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Жәабранмза 16 рзы ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба  аҟынтәи ԥшьҩык бааԥсыла акы рԥырхагаханы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша ахь инаргеит.

Хҩык ачымазцәа аҵәыҵәри рҿаркит, аӡәы арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппарат даҿакуп. Зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа иӷәӷәоу иҭышәантәалау ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ареанимациатә ҟәша апациентцәа ацхыраара рыҭаразы иахәҭоу ахәшәқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи  араионқәеи ақалақәқәеи рхадацәеи афымцамчтә усхк ахаҭанаркцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза–министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

Амш азҵаараҟны иҟан Урыстәыла ахада иалхразы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгараҟны  УА Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭареи ареспубликаҟны афымцамч аусхк аҟны иҟоу иҭагылазаашьеи  ирызку актуалра злоу азҵаарақәа.

Урыстәытәи Афедерациаҟны  аҟны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзаҟаҵара азҵаара инамаданы Бадра Гәынба алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа   ацхыраара иазку аусуратә гәыԥ аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аусмҩаԥгатә иамоу аполитикатә ҵакы азгәаҭаны, анапынҵа ҟаиҵеит араионқәа рхадацәа цуҭацыԥхьаӡа алхыҩцәа агымкәа рыҟазаара алдыршарц. Аԥыза–министр Алеқсандр Анқәаб идиҵеит аҳәынҭқарратә маҵзурауааи абиуџьетуааи иахьынӡалшо абжьыҭара ралархәра хылаԥшра аиҭарц.

Аилацәажәараҟны хшыҩзышьҭра аҭан афымцамч аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа рыцны закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара иазку аусура аԥхьырҟәҟәаара иазкны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан Гаделиа Николаи Николаи-иԥа итәыз 14 цыра амаининг-аппаратқәа рыԥшааит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцны заканшьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагылара иазкны Алада Ешыра имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Кьиахьба имҩала игылоу, Габниа Беслан Едик-иԥа иҩны аҿы ирыԥшааит 15 цыра амаининг-аппаратқәа.    

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аиустициа Аминистрра аҿы Афганисҭантәи аибашьра аветеран, Аминистрра аӡбарҭатә ӡбамҭақәа рынагӡара Амаҵзура атерриториалтә ҟәша аӡбаратә нагӡаҩы еиҳабы, I акласс аиустициа абжьгаҩ Ҵулукиа Даур Владимир-иԥа аҳамҭа ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.  

Афганисҭан аибашьра ахыркәшареи асовет архәҭақәа  атәыла ралгареи аныҟала амш 35 шықәса ахыҵра азгәаҭара иадҳәаланы, аиустициа Аминистрра анапхгараҭара адгаларала, Ҵулукиа Даур Владимир-иԥа «Аибашьратә еиҩызара азы» Аԥсны атәылахьчара Аминистрра    амедал ианашьахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура аусбарҭақәа рыла азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара аганахьала 2023 шықәсазы 318 рҟынӡа азакәан аилагарақәа аарԥшын. (2022 ш. – 192).  Аԥшьаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз Апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аилатәара аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  16 рзы Москва ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киути   Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа иҵабыргу I акласс абжьгаҩ Игор Зубови реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ахылаԥшырҭақәа анаҩстәи русеицура аперспективақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Анаҩс Роберт Киут дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, аполициа аинрал-полковник Андреи Храпов.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.