pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәоуп 2024-2026 шықәсазтәи «Аԥсшәадырреи кавказдырреи рактуалтә зҵаарақәа рыӡбаразы» хықәкылатәи аҭҵаарадырра-техникатә программа.

Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, апрограмма анаукатәи аҵарадырратәи ахыдҵақәа ркомплекс амҽханакуеит.

Убас, аусдҵа хадақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

  • инарҭбааны Аԥсны аҭоурых аҩразы ахыҵхырҭаҭҵааратә база аԥҵара иазкны Аԥсны аҭоурых аконцепциа аԥҵареи аҭыжьреи;

 

 

  • Аԥсны еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аҭоурых азы арҵагашәҟәқәа рышьақәыргылареи рҭыжьреи;
  • антикатә аамҭахәҭа инаркны Аԥсны аҭоурыхи аԥсуа жәлар рдоуҳатә ҭынхеи рзы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ахыҵхырҭақа рыԥшаареи адәныҟатә материал аизгареи ралыршара;
  • Аԥсуа бызшәа алексикатә фонд Амилаҭтә иԥхьаӡацу акорпус аԥҵара;
  • Аԥсышәала иҭыжьыз акьыԥхьтә материалқәа зегьы рыԥхьаӡацыркреи, анаҩс урҭ анаукатәи ауаажәларра-хархәаратә еикәыршара ахь ралагалареи ;
  • аԥсуаа итрадициатәу рҿырҳәалатәии рлаԥшылатәии акультурақәа рматериалқәа разырхиареи рҭыжьреи: аекспедициатә усурақәа рымҩаԥгара, аудио-видео нҵамҭақәа рҵакы аартра, афольклор аиқәыршәара аиҿкаареи аҭыжьреи.
Аԥшьаша, 11 Ԥхынгәы 2024 11:43

Гал араион ахатә символ аиуоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион аҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны еилабгахьаз астела  амыцхәрас араион иасимвоны иҟалараны иҟоу иҿыцу ақалақь уахьалало ахыргьагьа аргылара иалагеит.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иаԥшьгарала араионтә Еизара аҿы Гал ақалақь уахьналало аҭыԥ аҿы уаанӡа игылаз, аха амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз астела ацымхәрас иҿыцу аргыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

«Уажәы абетонтәии аҩычаратәи аусурақәа мҩаԥысуеит, агранит ала ачаԥарагьы уахь иналаҵаны.  Ахыргьагьа ҿыц аура 7,8 метра, аҭбаара – 19 метра, агәашьақәа рыбжьазаара – 16 метра рҟынӡа инаӡалоит. Ари  ахыргьагьа аҿы ишьақәыргылахоит алашара зқәырԥхо ақалақь ахьӡ злашьақәгылоу анбанқәеи агерби, «Бзиала шәаабеит!» ҳәа аԥсышәала иҩу ааԥхьареи», – ҳәа еиҭеиҳәеит Гал араион Ахадара анхамҩа аҟәша аиҳабы Џьамал Бакраӡе.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа ахьышьақәыргылаз Аԥсны  Амилаҭтә акьыбачымазаратә Центр даҭааит.  

Едуард Быҭәба араҟа ишьақәыргылаз аиқәыршәагақәа ргәаҭара далагаанӡа ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Нарҭ Гамгьиа автомашьына ҿыц – аминивен Hondа ацыԥхақәа инапы иаиркит. Ари амаҵзуратә машьына аахәан Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә Фонд аԥаратә хархәагақәа рыла. 700 нызықь мааҭ иркуа  автомашьына ацентр алогистикатә ҭаххрақәа зегьы ирықәшәоит.

«Амаҵзуратә машьына ҳара ахаангьы иҳамаӡамызт, уи аусуразы акыр ихәарҭоуп. Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы алогистика зегьы ҳара ҳхатәы машьынақәа рыла инагӡахон, уи зынӡа иманшәалаӡамызт. Шьҭарнахыс ари апроблема анапхгара иҟанаҵаз адгылара иабзоураны  иӡбахеит», - ҳәа иҳәеит  Нарҭ Гамгьиа.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада агәабзиарахьчара аминистр иаахәаз аиқәыршәагақәа рыла инагӡаны аендоскопиатә ԥҟарҭа аиқәыршәара алыршахеит ҳәа адырра иҭеит.

«Аендоскопиатә ԥҟарҭа уаанӡа иаахәаз зтехнологиатә лшарақәа рыҩаӡара ҳараку ахархәагақәа рыла еиқәыршәоуп: алапароскопиатәии аторакоскопиатәии ԥҟарақәа ахьымҩаԥыргаша аендоскопиатә қәҵарҭа, аенергетикатә платформа, ахырхарҭарацәалатәи аԥҟарҭатә стол, ашәшьыра ҟазымҵо алампақәа, ачымазҩы дзырԥхо асистемақәа, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭарсра азы ҳаамҭазтәи аппаратқәа (ИВЛ)», - ҳәа иҳәеит Нарҭ Гамгьиа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ,  аекономика аминистр Кристина Озгани «Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи ирыбжьарҵахьаз атауарқәа рыла ахәаахәҭразы арежим азы Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥган Грозныи ақалақь аҿы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә Форум аплошьадка аҿы.

Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу Аусшәҟәы  Урыстәылантәи ареспубликахь иаарго афатәаалыҵтә тауарқәа, аргыларатә маҭәахәқәа рыхәқәҵара азҵаараҿы Аԥсны азы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 15 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа, Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәын, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-аминистр Анқәаб Алеқсандр, Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша, Аконстиуциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ԥлиа, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Иреиҳаӡоу Аӡбара Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, аиҳабыра алахәылацәа, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект алацәажәара. Адепутатцәа  Герман Қарчаа, Беслан Емырхәба, Алмас Акаба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны ашәҟәы иҭаргалаз ари азакәанапроект хықәкыс иамоуп Аԥсны мрагыларатәи арегионқәа рыҟны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа Асахьаркыратә гимнастика Урыстәылазегьтәи афедерациа апрезидент, асахьаркыратә гимнастика азы еизгоу Урыстәыла азыҟаҵаҩ хада, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ирина Винер  дидикылеит.

Асас аԥсшәа лаҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Ирина Венер Урыстәыла  еиԥш Аԥсынтәылагьы дшеицырдыруа. «Шәара шәырдыруеит еизҳауа абиԥарақәа рыҿиара аус аҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭазы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 15 рзы адепутат Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба.

Аилатәара иалахәыз имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа ирықәу ашәахтә қәыӷәӷәара армаҷреи ашәахтәқәҵареи аҳасабырба аҟаҵареи  ирыдҳәалоу апроцедурақәа рырмариареи азԥхьагәазҭо «Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы» азакәан апроект иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофицалтә саит.

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, уи ахықәкы хаданы иҟоуп ареспублика аҿы имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа рыҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

Адепутатцәа ахшыҩзышьҭра аҭаны аиҭакрақәеи ацҵақәеи реихшанҵа (атаблица) иарбоу ирыдгалаз азакәан апроект ахь аиҭакрақәа ирыхәаԥшит, иалацәажәеит, анаҩс уи иааиуа Апарламент асессиа аилатәара аҿы аҩбатәи аԥхьараҿы адкыларазы ажәалагала аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар ирызнаҳго аныҳәазы алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа.

Иахьа Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Хьыбла Гьерзмааи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист  Ильдар Абдразакови идикылеит.

Хьыбла Герзмаа иазгәалҭеит иахьа лара ишлыцқәгыло Мариинтәи атеатр асолистцәа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Грозныи ақалақь, Чечентәи Ареспублика Ахада  ирезиденциа аҿы, ацәыргақәҵатә Центр «Павильон «Стройкар» (ЭКСПО)  аплошьадка аҿы аусура иалагеит Кавказтәи аинвестициатә Форум. Асасцәа ирзыԥшуп игәылҭәаау аусутә программа, инарҭбаау ацәыргақәҵатә експозициа, иара убас аспорттә усмҩаԥгатәқәа рацәаны.

Афорум иалахәхо аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: атәыла аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономикатә политиказы апарламенттә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниаԥҳа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Хьыбла Гьерзмааи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист  Ильдар Абдразакови идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» ҩажәижәаба шықәса ишрықәу шьҭа, уи амҩаԥгара ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы кыр шаҵанакуа.

Ари, уи иажәақәа рыла, аԥсуа публика иҳараку акультура радԥхьаларазы лшара дууп. «Ари азы ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ильдар Абдразаков иахь ихы рханы, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:

«Издыруеит, Шәара Хьыбла Герзмаа лыдагьы егьырҭ ҳџьынџуаагьы аиҩызара шшәыбжьоу. Уи ҳара ҳзы гәахәара дууп. Аԥсны есымша шәара шәзы иаартуп, шәабара ианакәызаалак ҳаигәырӷьоит».

Хьыбла Гьерзмаа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы, аклассикатә музыка афестиваль амҩаԥгараҟны атәыла анапхгара иҟанаҵо адгыларазы.

«Сара сзы гәахәара дууп сы-Ԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар ирызнаҳго аныҳәазы алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - ҳәа илҳәеит аоператә шәаҳәаҩы. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.