pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵараза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба, Ельвира Горзолиа/.  Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи зыла иамбо Рымш.  Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла  ахантәаҩы иҟоу Езаабеи Қаԥба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ари аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит. Аицәажәара мариамхаӡеит. Ахеидкыла имаҷымкәа апроблемақәа амоуп, урҭ ажәашықәсқәа  ирылагӡаны иӡбамкәа иаанхоит, арахь иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра азы авариантқәа зынӡа ирацәаӡам. Традициала ишышьақәгылахьоу ала, урҭ зегьы усгьы зынӡа иҟам афинанстәра иадҳәалахоит.  

Аха иџьоушьаша зынӡа даҽакуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахьҵәҟьа амина дахьахаԥжәаз иахҟьаны зынӡа дышлашәхазгьы,  Ахеилак ахантәаҩы аоптимизми аенергиеи ирӡӡом, џьара акала зыла иамбо ацхыраара рыҭара иҽазишәоит. Уи злаиллиршо, насгьы аҵыхәтәантәи 14 шықәса рыла иарбан еиҿкаарақәоу ацхырааразы дзыдҵаалахьоу, уи алҵшәақәас иаиуз, уҳәа ртәы анаҩс шәаԥхьар ауеит.

Арбагақәеи афактқәеи 

– Езаабеи Калас-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәондаз, Ахеилак анаԥҵаз атәы? 

– Ари ҟалеит 1957 шықәсазы. Аҟәа ақалақь, Чачхалиа имҩаду ала аҳәынҭқарра адгьыл ахәҭа азоунажьит, ԥыҭрак ашьҭахь Қырҭтәыла зыла иамбо Рхеидкыла ахарџь ала араҟа иргылан Аԥснытәи аҵара-ҭыжьратә наплаки уи  иаҵанакуаз ахыбрақәеи.

80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭаз Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә ҭагылазаашьа ҩаԥхьа аибарххара иалагеит.  Анаҩс,  цәыббрамза 27, 1991 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала иарбоу адгьыл ахәҭеи араҟа иргылаз ахыбрақәеи имилаҭыртәит.  Хәажәкырамза 6, 1992 шықәсазы анапхгара аусбарҭа даҽа қәҵарак ҭнажьит, уи инақәыршәаны иарбоу аобиект Аԥсны ахатәрахьы ииасит.  

– Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьара аиҿкаара аусура ишԥаныԥши? 

– Даара ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь уаҟа акгьы аанымхаӡеит, зегьы еимырҵәеит, ирҟәыбеит. Жьҭаарамза, 1994 шықәсазы Аҟәа ақалақь Ахадара адҵа инақәыршәаны, ҳара даҽа хыбрак ҳарҭеит, араҟа иахьа уажәраанӡагьы аус аауеит.   Уаанӡа араҟа иҟаз акондитертә фабрика иатәу ахәыҷбаҳча «Лакомка» акәын.

– Шәеиҿкаара аҿы шаҟаҩык ашәҟәы иҭагалоузеи? 

– 2009 шықәсазы сара Ахеидкыла ахантәаҩыс сҟалеит, усҟан зегьы раԥхьаӡа сусура сызлалагаз, аблабара азы аинвалидра змоу ауаа рсиа сазҵааит. Урҭ рхыԥхьаӡара 518-ҩык рҟынӡа инаӡозаарын. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара ателехәаԥшралеи акьыԥхь аҿгьы аблабара азы аинвалидцәа ааны Ҳаилазаара аҿы ашәҟәы рыҽҭаргаларц азы аҳәамҭақәа ҟаҳҵеит. Дара иаҳзасуан, иарбан цхыраароуп рыҭара ҳалшо ҳәа иҳазҵаауан. Сара иҳамоу митәык идуум ҳалшарақәа ртәы анырзеиҭасҳәоз, аӡәырҩы ашәҟәы аҽҭагалара ҵакы амаӡам ҳәа ирыԥхьӡеит. Иахьатәи аамҭазы Ҳхеидыла аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 45-ҩык, урҭ рахьынтә ԥшьҩык Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа роуп.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Леванҭ  Атрышба абжьқәа реиҳарак ала Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс дахьалырхыз инамаданы дидныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу, Левенҭ!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рҟны ижәгаз аиааира. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс шәахьалырхыз, ииашоу ӡбамҭоуп ҳәа сахәаԥшуеит.

Шәара, аҭакԥхықәра ду зцу амаҵзура аныҟәгара, гәрагарала шәнапы ианырҵеит. Аԥсны инхо аԥсуааи, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реимадара уасхырс шәамоуп. Агәыӷра сымоуп, шәдырреи шәԥышәеи ирыбзоураны, ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара шшәылшо, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи реизыҟазаашьа амҽхак арҭбааразы ишәылшо зегьы шыҟашәҵо.

Аԥснынтә асалам ду шәзынаҭиуа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аусԥшьа аҟны аихьӡарақәа!

Шәҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит!»

 

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент Аиҳабы Ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан, Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан иҟоу аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа традициала есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа «Лыхнашҭа» иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсны- -Информ.  102 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит 1941-1945шш. аибашьра аветеран, Сталинград азы аидыслара иалахәыз, Аиаҵәа Ҟаԥшь аорденқәа ҩба ркавалер, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу  -  Валентина Шульгина, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Аԥсны- Информ».

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагара маҷк шыбжьаз усҟан зынӡа иқәыԥшыз Валентина Шульгина Томсктәи амедицинатә Институт далгеит. Ашьҭахь ақыҭантәи аҳақьымс аус луа далагеит. Араҟа лара аҵараҿы илоуз адыррақәа лхы иалырхәон.  Усҟан Валентина ргәы иаанагомызт ԥыҭрак ашьҭахь лара ауаа рыхәышәтәреи рыԥсқәа аиқәырхареи аҭынч ԥсҭазаара змоу ақыҭаҿы акәымкәа аибашьраҿа анагӡара лықәшәоит ҳәа.

Асовет тәылауаа реиҳараҩык еиԥш ларгьы анемец архәҭақәа Асовет Еидгыла ишақәлаз атәы   арадио ала илаҳаит. Хара имгакәа афашистцәа атәыла мраҭашәаратәи аган аҿы мҽхакы ҭбаала атерриториа рнапахьы иааргеит, урҭ атәыла аҳҭнықалақь Москва аганахьала ижәылон. 

Валентина Шульгина егьырҭ аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи реиԥш арратә комитет ахь днарыԥхьеит, араҟа урҭ ашәҟәы иҭаргалеит. Нанҳәамза 24, 1942 шықәсазы лара Томск ақалақь аҟынтәи Омск ақалақь ахь ддәықәырҵеит, араҟа усҟан атанктә, ашьаҟартә, артиллериатә ҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рыла   адивизиақәа  реиқәыршәара мҩаԥысуан.  Лара асанитартә взвод акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵеит.

Валентина Шульгина лнапхгара аҵаҟа иҟан 21-ҩык. Ҩымчыбжь Омск ақалақь аҿы аҟазаара ашьҭахь Валентина Шульгина лвзвод ешелонла Сталинградҟа идәықәҵан. Аха усҟан дара абџьар зынӡа имаҷны ирыман, ахыԥсаҟьагак «Максим», аурысшәақьки ракәын ирымаз. 

Асанитартә взвод аԥхьатәи апозициақәа рҟынӡа инаӡеит, уаантәи уи Васили Чуиков ир анапхгараҭара ахь ииаргеит.

Валентина Шульгина 2018 шықәсазы Сталиниградтәи аидыслара 75-шықәса ахыҵра азгәаҭара лхы алалырхәхьан. Уажәы ари ишәҭыкакаҷуа, акыр иԥшӡоу қалақьуп, аха усҟан, уи ахақәиҭтәра ашьҭахьҵәҟьа араҟа еиқәхаз ҩныкгьы ыҟаӡамызт, зегьы иҟәыбаса ишьҭан.

Сталинградтәи аидыслара анхыркәшаха ашьҭахь мчыбжьыки бжаки зхы иақәиҭтәыз ақалақь аҿы аҟазаара ашьҭахь авзвод Мичуринск ақалақь ахь аиҭеиқәыршәара ахь идәықәҵахеит, уи ашьҭахь Валентина Шульгина Курско-Орловскаиа дуга ахь идәықәырҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 12 рзы Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҿы Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VIII Аизара ду  мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп акультуреи аҿари аспорти рызҵаарақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа, асоциалтә политика,аџьа, агәабзиарахьчара, адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Џьопуа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак алахәыла Инар Гыцба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аизара Ду аделегатцәа Афедерациа аусура азы аҳасабырба иазыӡырҩит, анаҩс ахантәаҩы ҿыц далырхит.

Афедерациа ахантәаҩы иҭыԥ аҟны иара убас иқәгылан Ҳасан Чычбеи Ерџьаи Ԥачкориеи ркандидатурақәагьы.

Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Леванҭ Аҭрышба.

Аизара аҟны ахада иалхра анаҩсгьы, Афедерациа ахеилак аилазаара ҿыц шьақәыргылан.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала еизаз дрыдныҳәалеит. Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст ахәҭакахьала иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит иахьа абра, аҭоурыхтә ҭыԥ аҟны еизаз зегьы, ишаԥу еиԥш ҭагалан ныҳәа азгәаҭаразы, Аԥсны зегьы, аԥсуа жәлар зегьы ирыдныҳәаларц имҩахыҵыз зегьы!

Машәырны иҟамлаӡеит аҽаҩра аҭагалара аныҳәа Лыхнашҭа иахьымҩаԥысуа, ажәлар зегьы еидгыланы, ҭаацәарак еиԥш аныҳәа иахьаԥыло. Иахьа Аԥсны араионқәа зегьы рыҟнытә ара еизеит бзабааны ирԥылаз рааԥсара алҵшәақәа рцәыргақәҵаразы, иреиӷьу ҳатрадициақәа еиҭа ргәаларшәаразы. 

Иахьа ара иааиз зегьы ирбоит ахандеира алҵшәақәа. Агәахәара унаҭоит аҽаҩра бзиа, Аԥсны ақыҭанхамҩа абарақьаҭра, аха еиҳагьы угәы еизнарҳауеит ҳажәлар анхара-анҵыра шрылшо, рџьабаа шырԥылаз анубо. Ара иаҳбо зегьы ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳбызшәа еиқәырханы иахьаарго ҳқыҭақәа рыҟны инхо анхаҩы иааԥсара, иԥхӡаша иалҵшәоуп. Ари шәышықәсала еицакра ақәымкәа, еиқәырханы иааҳгалароуп.

Ҳажәлар акыр ауадаҩрақәа рхыргахьеит, уи шаҳаҭра азнауеит Лыхнашҭа, шәышықәса зхыҵуа ари аҭәаҵла. Иахьа ҳазегьы уаҵәтәи амш иахьаасҭа еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит. Сара агәра згоит аҿиара, аизҳара ыҟазарц азы ҳаидгыланы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳәа, ҳажәлар абра Лыхнашҭаҟны Аԥсны иҟалаз аизҳазыӷьара, абарақьаҭра лабҿаба ирбарц азы, ҳажәлар ибеиоу, насыԥ змоу, еизҳауа, иҿио ртәыла иаԥшәымацәаны иҟазарц азы.

Аҟәа. Абҵарамза 12, Аԥсныпресс. Лыхны ақыҭан, аҭоурыхтә дәы «Лыхнашҭа»  есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа азгәарҭеит. Уи рҽаладырхәит Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи Афон Ҿыц ақалақьи.

Иԥшӡаны ирхиаз араион ақыҭақәа рпавилионқәа  рҿы итрадициатәу аԥсуа чысқәа, аҩҿа, ауадка, ауҭраҭыхи амандариана, ахәырма, афеихоуа, ажь, аҵәа, уҳәа убас ирацәаны аеиуеиԥшым ашәырқәеи цәыргақәҵан.  

Аҭааҩцәа гәахәара дула аԥснытәи анапҟазацәа рыҟаҵамҭақәа ирыхәаԥшуан, еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа ргьама рбон.

Сынтәа  имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит Ҟарачы-Черкесскынтәи абазақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ  рпавилион аҭааҩцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон. Дара гәахәара дула абазаа рмилаҭтә чысқәа ргьамақәа рбон, аиашьаратә жәлар ркультуреи рҵасқәеи рқьабзқәеи ртәы зҳәо аекспонатқәа ирыхәаԥшуан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи амилаҭтә парк акоманда жьҭаарамза 28-29 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира агеит. 

Риҵатәи Амилаҭтә реликттә Парк акоманда 212 кәатала еизнагеит.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Гагра араион акоманда, уи 200 кәатала еизнагеит.  

Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Гәылрыԥшьтәи араион аспортсменцәа, урҭ  48 кәатала еизыргеит.  

Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым адистанциақәа 1400, 1600, 1800, 2000 метра адистанциақәа рыла аҽырыҩрақәа мҩаԥысит, иара убас амилаҭтә ҽырхәмаррақәа – аҵәеигәыдҵеи, ҽыла ампыл архәмарреи.

Атурнир зынӡа рхы аладырхәит ԥшь-командак, Гәылрыԥшь, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҟынтәи акомандақәеи  раԥхьаӡа акәны Риҵатәи амилаҭтә парк акомандеи.

Атурнир амҩаԥгара еиҿыркааит – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациеи.

Аҟәа. Жҭаарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа  акультура аминистр Ольга Лиубимова Фазиль Искандер ихьӡ зху Атеатр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысло Жәларбжьаратәи акультуратә форум атематикатә секциақәа «Атеатр»», «Акультура ала аҭоурых аҭҵаара», «Атрадициатә культура  аҳасабала ацивилизациа зылсыз ауаажәларра рфундамент» аспикер иаҳасабала рылахәхара азы ааԥхьара илҭеит.

Афорум аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит абҵарамза 16-18, 2023 шықәса рзы.

IX Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи  акультуратә форум – «Еидкылоу акультурақәа рфорум» (United Cultures Fоrum) – акыр зҵазкуа акультуратә хҭыс ауп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны хымш ирылагӡаны, зыхьӡ нагоу акультура аусзуҩцәа, аекспертцәа, анапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа аидеиақәа реимдара мҩаԥыргоит, ҳаамҭазтәи акультуратә ԥсҭазаара аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәоит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, акультура-усутә плошьадка «Гәыма» аҿы балкантәи ачысхкқәа ргьамабара мҩаԥысит. Уи еиҿкаан Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатә аалыҵи ақыҭанхамҩатә аалыҵи реиҿкаара Аҟәа иҟоу Аофиси «Еиду-Амилаҭқәа Реиҿкаара-аҳәса» ҳәа изышьҭоу аиҿкаареи имҩаԥнагаз «ахшхарҵәы аҟаҵараҟны аҳәса рыцхраара» иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Агьамабара балакнтәи ачысхкқәа рҟынтәи еиҳа иргәаԥхаз, ҳаԥхьаҟа иҭыжьхо, иара убас аҭыԥантәи аџьармыкьа ахь аҭиразы ицәыргахо ралкаара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥган.

Абар шьҭа хышықәса ирылагӡаны Аԥсны инхо, аус зуа «Ахшхарҵәы аҟаҵараҟны аҳәса рыцхраара» иазку апроект аменеџьер Владимир Кокарев ари аусмҩаԥгатә амҩаԥгаразы агәҭакы шцәырҵыз атәы иҳәеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.