
pressadmin-2
АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МШАԤЫМЗА 5 РЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХАДА ВЛАДИМИР ПУТИНИ ИАРЕИ КРЕМЛЬ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ РЕИԤЫЛАРА АҞНЫ АГӘРАРГАГАТӘ ШӘҞӘҚӘА ИИҬОИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла, Москва ақалақь иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Алхас Кәыҵниа ишазгәеиҭаз ала, иара Кремль имҩаԥысраны иҟоу агәраргагатә шәҟәқәа ранашьара ацеремониа ахь ааԥхьара иоуит асааҭ 15:00 рзы.
«Хаҭала сара сзы, Ацҳаражәҳәарҭа азы, сыуаажәлари сыԥсадгьыли рзы ари ахҭыс даара аҵак ду амоуп. Ари акыр зҵазкуа амш ҳазыԥшиижьҭеи, ҳҽазыҟаҳҵоижьҭеи крааҵуан», – ҳәа иҳәеит иара.
АТӘЫЛА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА АКОНКУРС «ҲАРА АНАРКОТИКҚӘА ҲАРҾАГЫЛОИТ» АҾЫ АИААИРА ЗГАЗ АҲАМҬАҚӘА РАНЕИШЬЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аконкурс «Ҳара анаркотикқәа ҳарҿагылоит» аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранеишьеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Гәылрыԥшь, Гал араионқәа, Очамчыра, Ҭҟәарчал ақалақьқәа рҟынтәи абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа.
«Аконкурсқәа еиҿкаахеит ашколхәыҷқәа рзинтәи адыррақәеи ркультуратәии хәдуқәа рышьақәгылареи, иара убас ақәыԥшцәа рыбжьара анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара аганахьала анегативтә зыҟазаара ашьақәгылареи аҿар рыбжьара агәабзиара еиҷаҳарыла азнеира апропаганда амҩаԥгареи хықәкыс иҟаҵаны», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
АԤСНЫТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА 18-ШЫҚӘСА ЗХЫМҴЫЦ АРԤАРЦӘА РЫБЖЬАРА ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АИҚӘԤАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛА АԤХЬАХӘГАРА РХЫ АЛАДЫРХӘРАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥнытәи аспортсменцәа 18-шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Аԥхьахәгара рхы аладырхәраны иҟоуп. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 3 инаркны 7 аҟынӡа ақалақь Наро-Фоминск аҿы (Урыстәыл, Московатәи аобласть).
400-ҨЫК ИНАРЗЫНАԤШУА ГАЛ АРАИОН АУААԤСЫРА АҲӘЫНҬҚАРРА АТӘЫЛАУАҨРА АДА УИ ИАХЬАҴАНАКУА АНХАРАЗЫ АЗИН АРШАҲАҬГАҚӘА РОУРАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 400 – ҩык Гал араион ауааԥсыра аҳәынҭқарра атәылауаҩра ада уи иахьаҵанакуа анхаразы азин аршаҳаҭгақәа роураны иҟоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Гал араион ала апаспорттә ҟәша ахь инашьҭхеит 400 инарзынаԥшуа аҳәынҭқарра атәылауаҩра ада уи иахьаҵанакуа анхаразы азин аршаҳаҭгақәа рыбланкқәа. Аршаҳаҭгақәа раураны иҟоу рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гал ақалақьи Гал араиони руааԥсыра.
АЛХАС КӘЫҴНИА АҶЫДАЛКААТӘ ЗИНМЧЫ ЗМОУ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ҲӘА АЧЫН ИАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа ала, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кыҵниа Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҳәа иреиҳаӡоу адипломатиатә чын ианашьахеит.
АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУСБАРҬА АНАПХГАРАҬАРЕИ АТӘЫЛА АНАПХГАРА АХАҬАРНАКЦӘЕИ АЛАРХӘНЫ ЕСЫМЧЫБЖЬАТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра ахаҭарнакцәеи алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амыруга аахәара инамаданы аинфоструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада ари аусура арласразы адҵа ҟаиҵеит.
Аизара иалахәыз иара убас иалацәажәеит афымцамч аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҷыдала, звольт ҳараку афымцацәаҳәа "Аҽгәара" аҟны имҩаԥгоу аусурақәа ртәы. Ҭыԥқәак рыҟны аҵла ҳаракқәа иахьрызҳауа иахҟьаны, авольт ҳаракқәа ашәарҭара рыцуп аҵла ахыцәқәа иахьырзааигәахаз азы. Аҳәынҭқарра Ахада ацәаҳәамҩангагақәа ахьынӡацо ирԥырхагахо аԥыхразы адҵа риҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура рнапы ианиҵеит ари аус анагӡараҿы ацхыраара алыршаразы.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЛИЛИ БГАНԤҲА АҴЫХӘТӘАНТӘИ ЛЫМҨАХЬ ЛЫНАСКЬАГАРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лили Бганԥҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын. Лили Бганԥҳа лыԥсҭазаара далҵит иҳаҩсыз ахәаша, Аҟәа ақалақь, 86 шықәса лхыҵуан.
Лили Дыгәыжь-иԥҳа Бганба иланашьоуп Аџьа абираҟ ҟаԥшь аорден, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара. Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрc, АССР Аԥснытәи Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, 1993 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрс дыҟан.
АБАЏЬДАТӘ ХӘААХӘҬРА АДӘҚЬН АҞЫНТӘИ АҬАҬЫН АЛХРА МҨАԤЫСИТ АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ԤСОУ» АҾЫ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа, аҳазылхратә гәаҭара азона «Ԥсоу» аҿы ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Импорт» аҿы Аԥсны атәылауаҩ инапылеидара агәаҭара мҩаԥган. Агәаҭара аан иарбоу атәылауаҩ идырбалеит иагьимырхит абаџьдатә хәаахәҭра адәқьан «DUTY FREE» аҿы иаахәаз, убри аан ишьақәыргылоу аформа ала иарбамыз 5 600 рҟынӡа инаӡо аҭаҭын аалыҵ.
АҞӘАТӘИ АКОМАНДА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АХӘЫҶТӘЫ-ҚӘЫԤШТӘ ТУРНИР DAGOMYS CUP 2023 "ЛИГА ЧЕМПИОНОВ" АҾЫ АҨБАТӘИ АҬЫԤ ААНАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи акоманда ашьапылампыл азы ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига Чемпионов» аҿы 2-тәи аҭыԥ ааннакылеит.
Мшаԥымза 2 рзы ихыркәшахеит ашьапылампыл азы ааԥынтәи ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига Чемпионов». Атурнир рхы аладырхәит Москва, Санкт-Петербург, Старыи Оскол, Омск, Лобниа, Раменское, Видное, Красногорск, Шәача, иара убас Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи ақәратә категориақәа хәба ирыҵанакуа акомандақәа. Аҟәа ақалақь ахьӡала иқәгылеит 2009, 2012 ашықәсқәа рзы ииз аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа ашьапылампыл асекциа ааӡамҭацәа. 2012 шықәсазы ииз рыла ишьақәгылоу Аҟәа ақалақь акоманда афинал аҟынӡа инаӡеит, араҟа урҭ актәи аҭыԥ аанкыларазы ирԥылеит ақалақь Красногорск аҟынтәи Аолимпиатә резерв азы Акомплекстә спорттә школ акоманда «Зоркий», аха иаҵахеит.
Атурнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига чемпионов» иреиӷьу ахәмарҩыс далкаахеит 2012 шықәса рзы ииз Аҟәа ақалақь акоманда ахәмарҩы Давид Иосава. 2009 шықәса рзы ииз рыла ишьақәгылоу Аҟәа ақалақь акоманда афиналтә хәмаррақәа рҿы ахәбатәи аҭыԥ аанкыларазы еицлабуан, аха Санкт-Петербургтәи Ашьапылампылтә Клуб акоманда «Солярис» иаҵахеит. Убас ала уи афбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
АКАРАНТИН ИАҴАНАКУА ААЛЫҴ ААНЫРКЫЛЕИТ АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ЕГРЫ» АҾЫ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуиа, аԥса, анҷа, каллистемона, уҳәа аҵиаақәа ршьапқәа аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Егры» аҿы Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауаз автомашьына агәаҭараан ирыԥшааит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа.
Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы занааҵтәи аусеилыргара азы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә усеилыргарақәеи аҭҵаареи рыҟәша ахь инашьҭуп.