pressadmin-2
АԤСНЫ АХАҬАРНАКЦӘА «С. В. РАХМАНИНОВ И ЕГО ЭПОХА» ҲӘА ХЫС ИЗМОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АСИМПОЗИУМ РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аурыс композитор дуӡӡа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны аиубилеи аламҭалазы Москва ақалақь аҿы «С. В. Рахманинов и его эпоха» ҳәа хыс измоу Жәларбжьаратәи асимпозиум аатит.
Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр напхгара зылҭо Аминистрра аделегациа асимпозиум аусура ахы аланархәуеит. Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниеи Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Асимпозиум атема хаданы иҟоуп аглобалтә дунеихәаԥшратә, акультуратә, аполитикатә еиҭакрақәа рыла игәылҭәааз амузыкант иаамҭазтәи аепоха аан иусура.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СИМФОНИАТӘ ОРКЕСТР 90 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр 90 шықәса ахыҵуеит.
Зеилазаараҿы 86-ҩык амузыкантцәа ыҟоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр 1933 шықәсазы Амузыкатә техникум абаза аҿы иаԥҵан. Уи аԥҵаҩыс дыҟан амузыкатә усзуҩ, хылҵышьҭрала амаџьараа иреиуоу Константин Ковач.
Асимфониатә оркестр ԥыхьатәи Асовет Еидгыла акәакьқәа зегьы рҟынтәи еизгаз апрофессионалтә музыканцәа рыла ишьақәгылан. Аԥснытәи асимфониатә оркестр ареспубликабжьаратәи ахәаԥшрақәа реихшьаалақәа рыла Кавказнҭыҵ иреиӷьу аоркестрны иазхаҵан. Аоркестр арепертуар аҿы иҟан мраҭашәараевропатәи, аурыс, асоветтә, аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа злоу адунеизегьтәи аоркестртә репертуар ахазынақәа ирхыԥхьаӡалаз арҿиамҭа нагақәа.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ ШЬАПЫЛАМПЫЛТӘ ЛИГА АЧЕМПИОНАТ АМҨАԤЫСРА ИАЛАГЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аҳҭнықалақь астадион «Динамо» аҿы ихацыркхеит.
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аартра мҩаԥысит мшаԥымза 1 , Аҟәа ақалақь астадион «Динамо» аҿы. Ачемпионат рхы аладырхәуеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 13 командак.
Атурнир актәи амш азы имҩаԥысраны иҟоуп х-еиԥыларак. «Џьгьарда» акомандеи «Ешыра» акомандеи, «Аӡҩыбжьа» акомандеи «Ҷлоу» акомандеи еиԥылоит, иара убас «акомандақәа «Лыхны» «Аԥсны 2» еицыхәмаруеит.
ААУ ԤШЬҨЫК АСТУДЕНТЦӘА АҚЫҬАНХАМҨА АДГЫЛАРА АҬАРА АЗЫ АГРАНТҚӘА РОУИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 31 рзы ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр аҿы аԥышәахысра иахысуаз ААУ агроинџьныртә факультет ԥшьҩык астудентцәа Асҭамыр Ҵәыџьба, Алан Қвираиа, Анри Ӡиӡигури, Давид Џьишькариани, ақыҭанхамҩа аҿиара адгылара аҭара азы агрантқәа роуит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ацентр апресс-маҵзура.
Ирзоужьу аучасткақәа рҿы аграномцәа апарпылбагәа, анаша, апомидорқәа, апатырџьанқәа, акартош, уҳәа ауҭраҭыхқәа аадрыхуеит. Иахьатәи амш азы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиҳарак ала аҭиразы иазкӡамкәа иаадрыхуеит. Ацентр аҟынтәи ироуз агрант аграном ҿарацәа рынхамҩа аҳәаақәа рырҭбаареи раалыҵ аҭиреи рзы алшара рынаҭоит.
«Аџьармыкьа аҿы аҭыԥантәи аалыҵ аҭаххара ессааира иазҳауеит, избан акәзар, аҭыԥантәи аалыҵ екологиала ицқьоуп. Агрант – саарыхра аизырҳара иадҳәалоу схықәкқәа рынагӡара иацхраауеит», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ҵәыџьба.
ЛИЛИ БГАНБА ЛЫԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ КОМИССИА АԤҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 86-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџаьатә Бираҟ Ҟаԥшь Аорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара занашьаз, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистр, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат, 1993 – 2005 шш. Ареспублика Аԥсны афинансқәа рминистр Бганба Лили Дугәыж-иԥҳа.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара ала иаԥҵоуп Лили Бганба лыԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә Комиссиа. Акомиссиа напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысуеит мшаԥымза 3, 14:00 сааҭ рзы, Аҟәа ақалақь, Гәлиа имҩаду, аҩны №24 аҿы.
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АПАНДЕМИА ААН ИҞАЗ АТРАГЕДИАТӘ ХҬЫСҚӘА РЫЛА АБЖЬАХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘАЖӘАРАҚӘА АЛЫРЫМХЛАРЦ АЗЫ АПОЛИТИКЦӘА РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра аполитикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц апартиа Аизара Ду аҿы иқәгылара аҿы «акоронавирустә ҿкы чымазара «COVID-19» апандемиа аан зыԥсҭазаара иалҵыз атәылауаа рхыԥхьаӡара далацәажәо ихы иаҭәеишьаз ацифрақәа реицакра» иадҳәалахеит.
«Аԥкрақәа раԥыхра азы аӡбамҭа иахҟьаны 1000-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа рыԥсҭазаара иалҵит», -ҳәа иҳәеит Аслан Барцыц. «Ҳара иаҳгәалашәоит 1000 – ҩык ҳтәылауаа рыԥсҭазаара ишалҵыз», – ҳәа еиҭах иҳәеит иара иажәахә аҩбатәи ахәҭа аҿы.
«Агәабзиарахьчара Аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵоит, «акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аамҭа иалагӡаны ҳара иҳаԥхеит 696-ҩык, урҭ зегьы рыԥсҭазаара аиқәырхара азы аҳақьымцәа реиԥш, асанитарцәа роума, авалантиорцәа роума, зегьы уахи-ҽни инеиԥынкыланы, имтәа-имгыла, рхы агәхьаа мкыкәа аус руан. Дарбанызалак ҳтәылауаҩ иԥсра – ари зхыԥхьаӡара рацәам аԥсуа уаажәларра рзы цәыӡ дууны иҟоуп, ари трагедиа дууп шәареи ҳареи ҳзы», - ҳәа иаҳәоит Аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.
Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы анаҩс аполитикатә бжьахәаахәҭра хықәкыс иҟаҵаны, уеизгьы даара ихьанҭоу арбагақәа аизырҳара аганахьала рхыркәшара иузудымкыло, уимоу ихьымӡӷыргагоу усны иҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
«Ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аполитикатә хәмаррақәа рҿы рхархәара ҟалашьа змам усуп. «COVID-19» иахҟьаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз ауаа рхыԥхьаӡара арбагақәа имаӡоу аинформациа ахь иаҵанакӡом, уи анаӡара аартуп», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҟны.
АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА АКОНКУРС «ЦҚЬА ИДЫРЫМ АРРАТӘ ХҬЫСҚӘА» 2023 ШЫҚӘСАЗЫ ИАЦҴАХОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Цкьа идырым арратә хҭысқәа» 2023 шықәсазы иацҵахоит. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы имҩаԥысыз ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум аилатәара иалахәыз.
Ари 2022 шықәсазы имҩаԥысуаз аконкурс иацҵахоит ҳәа ауп иаанаго. Уи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкхоит.
Сынтәа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара азы Аҳынҭқарратә комиссиа алархәны имҩаԥнагоит. Убри аҟнытә аконкурс аԥхьахәтә фонд ҩынтә еиҳахоит, уи 300-нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иарбоу аԥхьахә аицҵалыҵ аҟынтәи 30 нызықь мааҭ аконкурс ажиури алахәылацәа русура ахә ашьара ахь идәықәҵахоит.
Ишьақәырӷәӷәаз аԥҟара ала, аконкурс ахь ирыдыркылалоит ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса инаркны жьҭаарамза 30, 2023 шықәсанӡа акьыԥхь аҿы ицәыргази ателехәаԥшра, ма арадио аефир аҿы имҩаԥыргахьази ажурналисттә материалқәа.
ИЗАКӘАНЫМКӘА АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЕИКӘЫРШАРА АЗЫ 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АԤСНЫ 171-ҨЫК РУС РЫӠБЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы Аԥсны аӡбарҭақәа рыла изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара азы рус рыӡбеит 171-ҩык. Х-ҩык рганахьала амедицинатә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа рхархәара мҩаԥгоуп. Зус аӡбара мҩаԥысуаз иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы усеилыргарак иаанкылахеит. Арҭ арбагақәа арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз Акоординациатә еилатәара аҿы иааигеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.
Гагра араион аӡбарҭа ала Аԥсны Ашьустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224.1 ахәҭа 3, ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 инарықәыршәаны ахара здыз атәылауаҩ Мумџьан М.Г. лганахьала ариашаратә шьауӷақәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 2022 шықәсазы Аԥсны аӡбарҭақәа рыла апрокурорцәа алархәны ирыхәаԥшит 480 ашьаусеилыргарақәа. Урҭ рахьынтә 175, даҽакала иуҳәозар 36,4% – анаркотикатә маҭәашьарқәа, мамзаргьы урҭ раналогқәа изакәанымкәа раарыхра, рхархәара, рыҭира, Аԥсныҟа раагара азы ацәгьоурақәа ирыдҳәалоуп.
Анаркотикатә хархәагақәа рыларҵәара (рыҭира) азы 11-ҩык рганахьала 11 усеилыргарак ирыхәаԥшит.
Анаркотикатә маҭәашьар «прегабалин» аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыганы аагара азы 18-ҩык рганахьала ирыхәаԥшит аусеилыргарақәа 10. Аӡәы иганахьала ариашаратә шьауӷақәҵара азы аӡбамҭа рыдаркылеит.
ДАУР АМҶБА: ЗЕГЬЫ ИРЕИҲАУ АПРОБЛЕМА – АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РОПЕРАТИВТӘ МАҴЗУРАҚӘА РУСЕИЦУРА АҞАМЗААРА АУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз Акоординациатә еилатәара. Уи ахантәаҩра аиҭон атәыла апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Занҭариа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Бганба, апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩцәа, апрокуратура Хада аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа, аҷыдалкаатә прокурорцәеи урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба. Уи иажәахә аҿы 2022 шықәсазы астатистикатә рбагақәа ааигеит.
«Иаагозар, 10 шықәса раԥхьа изакәанымкәа анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа рыдкылара азы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахоз ауаа реиҳарак аибашьра иалахәыз ракәызҭгьы, иахьа анаркоманцәа – ари ақәыԥшцәа роуп», - ҳәа иазгәеиҭеит ажәахәҟаҵаҩы.
Даур Амҷба иажәақәа рыла, «анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршра, ауааԥсыра анаркотикқәа рыдкыларазы ралагалара, аиҳарак аҿар, амилаҭ агәабзиара азы ӷәӷәала иаҵоу ашәарҭара адагьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы активтә ҟазшьа зауз аекстремисттә цәырҵрақәеи акоррупциеи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, иааизакны аҳәынҭқарра азы ашәарҭара ду шаҵоу умбар залшаӡом».
Аҵыхәтәантәи аамҭазы анаркотикқәа рхаҭабзиара аҩаӡара адагьы, урҭ рыларҵәареи рхархәареи рметодқәагьы рҽырыԥсахит, аҽаԥсахит иара убас урҭ здызкыло ахаҿқәа ркантингентгьы.
Аҽаԥсахит иара убас анаркотикқәа рыларҵәара знапы алаку рмилаҭра, насгьы уаанӡа уи аиҳарак ахацәа ракәызҭгьы уажәы аҳәсақәагьы лассы-лассы иаҿашәоит. Уаанӡа ари аус Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи аҭыԥантәи атәылауааи инарыгӡозҭгьы, уажәы урҭ ирыцлеит Казахсҭан, Узбекьысҭан, Ҭаџьыекьысҭан, уҳәа атәылауаа. Уаанӡа аҭиҩы ихала аус наигӡозҭгьы, уажәы уи аиҳарак гәыԥ-гәыԥла еиҿкааны инарыгӡоит.
Агәҭынчымра узцәырнамгар залшаӡом анаркотикқәа здызкыло ауаа амашьына арныҟәцара азы азин зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа ахьрымоу, урҭ рхарала лассы-лассы амҩа-транспортә машәыртә хҭысқәа ҟалоит.