
pressadmin-2
АԤСНЫ АԤСЫЛМАНЦӘА ИАКУ РДУОУҲАТӘ УСБАРҬА ИԤШЬОУ РАМАДАН АМЫЗ АЛАГАРА АРЫЦХӘ АЛАҲӘАРА МҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҭатә Усбарҭа анапхгараҭара ареспублика иқәынхо аԥсылманцәа иԥшьоу Рамадан амыз алагара арыцхә рыланаҳәеит.
Алаҳәара аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Аԥсылманцәа, Аԥсны атәылауаа зегьы рырдырразы. Иахьа ҿыц игылаз амзаҿа абара залмыршахаӡеит, убри аҟнытә уаҵәы – Шьаабан амыз 30-тәи амш ауп. Сынтәа аԥсылманцәа зегь рзы иԥшьоу амыз Рамадан актәи амш хәажәкырамза 23 иақәшәоит, иалагоит аԥсылмантә мзар амзақәа ируаку, иԥшьоу Рамадан амза.
Загь зымчу Аллаҳ иԥшьоу Рамадан амыз азы Ачгара адкылареи анагӡареи Иаҳхылаԥшхәу иганахьала амҵахырхәареи рзы алшара ҳаиҭарц, ҳаԥсҭазааратә мҩа ҳақәнаҵы иҟаҳҵахьоу ҳагәнаҳарақәа ҳанажьреи рзы ҳиҳәоит. Амин!»
Аԥсылманра аканонқәа инарықәыршәаны, Рамадан амза алагара ҳәаақәырҵоит ҩ-хкык рыла: ҿыц игылаз амза абара алыршарала, ма ииасуа амза 30-мшы рыла ахыркәшарала.
Аҟәырҟан излаҳәо ала, Рамадан амыз азы ауп Аллаҳ ауаа ари Аԥшьаҩыра анырзынаишьҭыз. Рамадан амыз иалагӡаны аԥсылманцәа ачгара иҵалоит, урҭ амза ахы инаркны аҵыхәанӡа ҽынла афатә-ажәтә, хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьа рҽацәхьаркуеит. Згәы бзиами, ныҟәара иҟоууи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи уи маҷк аилагара азин рымоуп.
ХӘАЖӘКЫРАМЗА 21 РЗЫ АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА АПОЕЗИА АМШ АЗГӘАҬАРА МҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟны Адунеизегьтәи апоезиа Амш азгәаҭара мҩаԥнагеит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит В.П.Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-дыга афилологиа Ацентр аҟны иҟоу алитературатә еидгылара алахәылацәа.
Адунеизегьтәи апоезиа Амш – есышықәса, хәажәкырамза 21 рзы иазгәарҭо аныҳәа ауп. Уи абҵарамза 15, 1999 шықәсазы ирыдыркылаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны иҟоу аҵарадырратә, анаукатә, акультуратә Еиҿкаара (ЮНЕСКО) аконференциа Хада 30-тәи арезолиуциа аҿы ишьақәырӷәӷәан. Аныҳәа ашьақәырӷәӷәара ахықәкы хадас иҟоуп – «амилаҭтә, арегионалтә, жәларбжьаратәи апоетикатә еиҿкаарақәа иҿыцу аимпульси иҿыцу азхаҵареи рыҭара».
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 2012 шықәса раахыс есышықәса Адунеизегьтәи апоезиа Амш азгәаҭара мҩаԥнагоит, уи иазкны алитературатә хәылԥазқәа еиҿнакаауеит. Сынтәа апоезиа аныҳәа Аԥсны ашәҟәыҩҩратә еиҿкаара 90-шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Апоезиа Амш еизнагеит ҳаамҭазы еицырдыруа апоетцәа реиԥш, ҿыц аҿиаратә мҩа ианыло алитераторцәеи астудентцәеи – аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа.
ПИЦУНДА-МЫСРАТӘИ, ԤСҲӘЫ-ГӘЫМСҬАТӘИ АҲӘАРԤСАРРАҚӘЕИ РИҴАТӘИ АРЕЛИКТТӘ МИЛАҬТӘ ПАРКИ РУСУРА АИҾКААРА ИАЗКУ АНОРМАТИВТӘ ШӘҞӘЫНҴАҚӘА АԤСНЫ АԤСАБАРАХЬЧАРАТӘ ЗАКӘАНԤҴАРА ИАҚӘШӘО АҞАҴАРА АЗЫ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АԤҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны, Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсаррақәеи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура аиҿкаара иазку анормативтә шәҟәынҵақәа Аԥсны аԥсабарахьчаратә Закәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара азы усуратә гәыԥ аԥҵоуп.
Аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит:
Сангәлиа Д. Р. – Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы (акомиссиа ахантәаҩы);
Аҩӡба В. 3. – Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсарра» адиректор;
Аҳәба А. M. – Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы;
Дбар Р. С. – Аҳәынҭқарратә наукатә усбарҭа «Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут» адиректор;
Џьергениа Т. Н. – Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахылаԥшыҩ хада;
Кәпалба А. В. – Афинансқәа Рминистрра азиндырратә ҟәша аспециалист хада;
АСЛАН БЖЬАНИА: «ИАХЬА 2008 ШЫҚӘСА РЗЫ ААСҬА АҬАГЫЛАЗААШЬА ХЬАНҬОУП».
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV Аизара Ду. Аизара Ду аҟны иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәии аҩныҵҟатәии амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларра-политикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа шыуадаҩу атәы. «Жәларбжьаратәи арра-политикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Урыстәыла, уажә аԥхьа ишҳәаз еиԥш, иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара иаҿуп. Иара иаҿагылоуп 50 ҳәынҭқарра инареиҳаны, убарҭ рхыԥхьаӡара иаҵанакуеит Европа зегьи Еиду Америка Аштатқәеи, арҭ амчқәа Қырҭтәыла аиҳабыра ахырҳәар, аҩбатәи аибашьра хдыртырц рҭахуп. Абарҭ ахықәкқәа рымоуп азы ҳазҭоу ашықәс азы мшаԥымза-лаҵарамза рзы Қырҭтәыла мҽхакы ҭбаала аполитикатә акциақәа рымҩаԥгара ргәы иҭоуп. Иахьа 2008 шықәса рзы аасҭа аҭагылазаашьа хьанҭоуп. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ганрацәалатәи ҳусеицура арӷәӷәара аҭахуп. Аамҭа кьаҿла ҳҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ирԥырхагоу азҵаарақәа рыӡбара алҳаршароуп, урҭ арбанқәоу ҳара ибзианы иаҳдыруеит.
ИНАЛ АРӠЫНБА УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР СЕРГЕИ ЛАВРОВ ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҿы шәусура, иҳараку аморалтәии азанааҭдырратәи шәҟазшьақәа ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы иахәҭаны аҳаҭыр-апату шәықәырҵо иҟалеит.
Агәра ганы сыҟоуп, ҳтәылақәа адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала Аԥсни Урыстәылеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ркоординациа аринахысгьы ишацырҵо.
Ари акыр зҵазкуа амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара алзыршо аманшәалареи».
АԤСНЫҞА АКОНТЕИНЕРТӘ ДӘЫӶБАҚӘА АНЫҞӘАРА ИАЛАГОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аихамҩа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны еиԥырҟьам аусуратә шьаҭала Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит аконтеинертә дәыӷбақәа. Абри азы абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аихамҩа адиректор Хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
Уи аполитикатә дгылара ада ас еиԥш акрызҵазкуа апроект анагӡра залыршахомызт ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иарбоу азҵаара аҿы акыр ацхыраара ҟаиҵеит. Актәи адәыӷба адәықәлара аламҭалазы уи хаҭала Иаарту Аокционертә Еилазаара «Урыстәыла Аихамҩақәа» адиректор Хада Олег Белозиоров иҽимидеит, иарбоу апроект анагӡара иадҳәаланы ицәырҵуаз иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара ҟаиҵеит», – ҳәа иҳәеит Октаи Хазириши.
Уи ишазгәеиҭаз ала, аконтеинертә дәыӷба – ари алогисттә сервис ауп, даҽакала иуҳәозар, аграфик инақәыршәаны иахьдәықәло астанциа аҟынтәи амҩа ахьхоу астанциа аҟынӡа иныҟәо аидарамҩангагатә дәыӷба ауп. Уахыки ҽнаки рыла иарбоу адәыӷба аццакра 800 - 1000 километр рҟынӡа инаӡоит. Иаагозар, аидарамҩангагатә дәыӷба 10 -14 мшы рыла иаауазар, аконтеинертә дәыӷба ҩынтә рҟынӡа ирласны инаӡоит.
«Аихамҩақәа рхархәарала аус зуа аилазаарақәа еиҳа аԥыжәарақәа рымоуп – уи аидара аагара азы иақәырӡхо аамҭеи аидара аиагара азы ахәԥсеи реиҵатәра ауп. Уи ҳара ҳазгәаҭарақәа рыла, 25-30% рыла еиҵоуп. Аконтеинер – ари иуниверсалу хархәагоуп, уи аидара аҵәахреи ашьҭаҵареи рхы ахархәара ҟалоит, иара аихамҩатә платформа иақәыхны даҽаџьара еиҭаугар алшоит. Аидарақәа убри аан ԥырхага роуӡом»,- ҳәа иҳәеит Октаи Хазириши.
АМАРШРУТ «ШӘАЧА – ГАГРА» АЛА АФЫМЦАДӘЫӶБА «ЛАСТОЧКА» АУРЫЖЬҬУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» аҿы хәажәкырамза 13 -18 рзы Москваҟа имҩаԥгаз аусуратә ҭаара аихшьаалақәа ирызкны абрифинг мҩаԥысит.
«Аԥсны Аихамҩақәа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа амаршрут «Шәча–Гагра» ала афымцадәыӷба «Ласточка» аужьҭра шыҟало азы адырра ҟаиҵеит.
«Ҳара аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсныҟа аԥсшьараҳәа иаауа ауаа рхыԥхьаӡара ишацлаз азгәаҭо, иҳамҳәар залшом апассаџьырцәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа еиԥш, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рыиагара азҵаара шыуадаҩу атәы. Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәа» иҳаднагалон атуристцәа рыиагара аҩганктәи аиҿкаара. Иҳадгалан еиуеиԥшым авариантқәа. Уахь иаҵанакуеит иаагозар атуристтә дәыӷба «Риҵа» аужьҭра, иара убас атуристтә маршрут ««Череповец – Аҳәаирбаӷәаза Шәача – Гагра – Аҟәа» ала апассаџьыртә мҩангара аиҿкаара. Арҭ апроектқәа иахьатәи амш азы ахәаԥшреи аҭҵаареи мҩаԥысуеит, ицәырҵуа атехниҟатә ҟазшьа змоу апроблемақәа анаҩс рықәгара азы иалкаахоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Леонид Ҟәыруа.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУСУРА ИАЛАГЕИТ АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИА «АМЦАХАРА» XIV АИЗАРА ДУ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны аусура иалагеит аполоитикатә партиа «Амцахара» XIV Аизара Ду.
Аизара Ду рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, ақалақьқәеи араионқәеи Рхадарақәа рхаҭарнакцәа, адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа.
АҞӘА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА ААМҬАЛАТӘИ АУСЕИЛЫРГААНӠАТӘИ АԤХЬАКЫРҬА АԤЫԤШЫҨ АИК АРЗУМАНИАН ИГАНАХЬАЛА АШЬАУСТӘ УСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аԥыԥшыҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «г» иазԥхьагәанаҭо – амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала анаркотикатә маҭәашьарқәа рацәаны анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны аахәареи аҵәахреи ирыдҳәалоу ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.
Апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы, Леон Имҩаду 29 ала иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анхамҩатә дәы иахьаҵанакуа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатә иалагӡаны дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аԥыԥшыҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа. Хаҭала игәаҭараан Аик Арзуманиан идырбалеит аполиетилен еиқәаҵәа илаҳәаз аххыраԥшра змоу амаҭәашьар шкәакәа злаҳәаз аилаҳәара, иара убас ҩ-граммк ицо ашприцқәа. Уи зегьы Аик Арзуманиан изакәанымкәа аусеилыргарала макьаназы ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан иааихәаз, анаҩс имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы зыҭира гәҭакыс ииаз маҭәарқәоуп.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ УРЫСТӘЫЛА АЗАКӘАНԤҴАРА АИԤШХАРА АЗҴААРАҚӘА РЫЛА АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәии аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрграмма ала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рсоциалтә блок азы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, аҵарадырра аминистр Инал Габлиа Алеқсандр Анқәаб асоциалтә еиқәаршәара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра аусхкқәа рҿы азакәан апроектқәеи азакәанцҵатә шәҟәынҵақәеи аус рыдулара астадиақәа рзы адырра ирҭеит.