
pressadmin-2
БЕСЛАН ҶКАДУА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АҚАЛАҚЬҚӘЕИ АРАИОНҚӘЕИ РЫҞӘШЕИҴАҚӘА АДҴАҚӘА РИҬЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ашьақәыргылара, аиҳарак аԥстәбарақәеи ааха ӷәӷәақәа раиуреи зцу амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара армаҷра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп, убри аҟнытә уи Ахылаԥшырҭа анапхгараҭара ҷыдала ахылаԥшра анаҭоит, ҳәа аҩаша, хәажәкырамза 28 рзы Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ақалақьтәии араионтәии аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәеи аинспекторцәеи алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Арбагақәа реиӷьтәра шыҟоугьы, Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, «иҟоу аҭагылазаашьа уаанӡа еиԥш уажәгьы имариам, иарбоу ахырхарҭала анаҩсгьы аусура аҭахуп».
Аинспекторцәа рҿаԥхьа автомашьына арныҟәцара азы азин аршаҳаҭга амхрагьы уахь иналаҵаны, азинеилагаҩцәа рганахьала, азакәанԥҵара инақәыршәаны ахьырхәратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, раԥхьатәи аилагарақәеи анаҩстәи аилагарақәеи релектронтә реестр излауа ала ахархәара азы адҵа ықәыргылан.
АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ԤСОУ» АҞНЫ АРҨЫШЬЫГАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫИАГАРА ԤХЬЫРҞӘҞӘААХЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 27 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рзы аҟәша аусзуҩцәеи аҩныҵҟтәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагылара аҟәша аусзуҩцәеи Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу», «Импорт» ахырхарҭа ала аҳазылхратә гәаҭареи амашьына лассқәа ррежими рзона иахьаҵанакуа автомашьына ааныркылеит. Амашьына агәаҭараан ирыԥшааит иагьрымырхит аполиетилентә еилаҳәараки 1000 мааҭ ицо акупиура ала аилаҳәараки. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан аххыраԥшра змоу амаҭәашьар. Иара убас ирыԥшааит 4 ҭрак ирҭаз (40 таблетка) «нейронтин» ҳәа изышьҭоу ахәшә.
ИААИԤМЫРҞЬАӠАКӘА АԤСНЫ ИНХО УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АТӘЫЛАУАА РТӘАНЧАҨРАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атәанчаҩратә еиқәыршәареи асоциалтә бгаԥсеи Рфонд ала инамыцхәны аԥснытәи аган иазшәаз атәанчахәқәеи ацҵақәеи рхарҭәаара азы аԥҟара шьақәырӷәӷәоуп, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аофициалтә саит.
У.А. Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҿы «мшаԥымза 14, 2015 шықәса рзы иҭыжьыз «Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа атәанчахәы ала реиқәыршәара азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа аратификациа азура азы» афедералтә закәан иақәшаҳаҭхеит.
Азҵаара ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа Ахеилак Акомитет алахәыла Сергеи Цеков.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АОППОЗИЦИАТӘ ПАРТИА АЖӘЛАР РАКЗААРА АФОРУМ АИЗАРА ДУ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» Аизара Ду мҩаԥысит ахаша, хәажәкырамза 29 рзы, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҿы. Апартиа анапхгаҩцәа асоциал-економикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәеи аԥсуа ҳәынҭқарра ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәеи рзы ргәаанагарақәа рҳәеит.
Апартиа ахантәаҩы Аслан Барцыц, Аԥсны жәлар цәалашәараны ирныруеит ашәарҭара ишҭагылоу. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа атәыла иахагылоу анапхгара агәҭынчымра узцәырызгашьа ахымҩаԥгашьа рымоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Абар шьҭа ԥшьы-шықәса ирылагӡаны ҳара атәыла анапхгара ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дзыдгылоз, аконституциатә шьаҭа аилымшәареи ахьыԥшымреи иазырхоу амилаҭ-хақәиҭратә курс амҩаԥгара иадҳәалоу аидеиа хада ацәхьаҵра ишаҿу аабоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аслан Барцыц агәра ганы дыҟоуп ахьыԥшымра иазырхоу акурс ауп Аԥсны 1993 шықәсазы аиааира агарареи 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи рахь иназгаз. Аха ҳазҭагылоу аамҭазы атәыла ауааԥсыра реихьӡарақәа зегьы «планла ахә армариара» мҩаԥысуеит.
Уи иажәақәа рыла атәыла аҿы амилаҭтә амшхәаԥштә шыҟам умбар залшаӡом. Аслан Барцыц ишазгәеиҭаз ала, аӡәгьы ишахәҭоу ала, ҭакԥхықәрала дазнеиӡом адемографиа, арепатриациа, аекономика арӷәӷәара, атәылахьчара, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, Нхыҵ Кавкуаз ҳаиашьаратә жәларқәеи аԥсуа жәлари реизыҟазаашьақәа, уҳәа хадара злоу азҵаарақәа рыӡбара.
«Зегьы ахаламҩаԥысрала ицоит. Иахьа атәыла иахагылоу рзы хадара злоу усны иҟалеит аиҳарак амшын аҿықәан иҟоу иреиӷьу адгьылқәа рыҭирала алигархцәеи аҳәаанырцәтәи амалуааи ринтересқәа алоббизм аҟаҵара», – ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Барцыц.
Ҷыдала иақәыӡбан Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахь аҭара азы аиқәшаҳаҭра. Ажәахәҟаҵаҩы игәаанагарала, уи анапаҵыҩра «ажәлар ирыцәӡаны, маӡала, азакәанԥҵара ӷәӷәала аилагарала» имҩаԥысит.
«Ари аусшәҟәы иаҵоу аниуансқәа зегьы ишахәҭоу ала аус адызулараны иҟаз аусбарҭақәа акоординатқәа ралкаара аганахьала агха дуқәа ҟарҵеит. Ари афакт апрокуратура Хада ала ишьақәыргылахеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Барцыц.
АԤСНЫТӘИ АҨҚӘА ШӘАЧА ИМҨАԤЫСЫЗ АКОНКУРС АҾЫ АХЬТӘЫ МЕДАЛҚӘА РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» иҭнажьуа хә-хкык аҩқәа иџьбарам арыжтәқәеи акониаки аҩқәеи аликиоруадкатә рыжтәқәеи Жәларбжьаратәи аконкурс аҿы ахьтәы медалқәа ранашьахеит. Абри атәы аанацҳауеит азауад Инстаграм аҿы иамоу адаҟьа.
Аконкурс мҩаԥысуан Шәача ақалақь, хәажәкырамза 23 -25 рзы.
Амедалқәа ранашьахеит:
– акрызхыҵуа аҩеиқәтәа ҟаԥшь «Ашҭа Лаша»,
–акрызхыҵуа аҩеиқәтәа ҟаԥшь «Аҭауад Гәымсҭа Ашҭа»,
– еиқәтәахьоу, агәилԥштәы змоу аҩҿа «Гәымсҭа Ашҭа»,
– еиқәтәахьоу аҩҿа ҟаԥшь «Чегем»,
– иҿыхаам аҩеилачча шкәакәа «Лыхны».
ГӘЫЛИ КЬЫЧБА ҨАԤХЬА АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АМАӠАНЫҞӘГАҨЫС ДАЛХУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩԥысит Ауаажәларратә Палата VI ааԥхьара раԥхьатәи апленартә еилатәара. Араҟа иалхын Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩи амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩцәеи.
Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩыс ҩаԥхьа далххеит Гәыли Кьычба. Амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩцәас иалххеит Витали Смыр, Алеқсандр Страничкин, Низам Хапати Изольда Ҳагбеи.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал ажурналистцәа дрыҿцәажәо актәи аилатәара аихшьаалақәа дрыхцәажәеит.
«Убас иҟалеит, сара Ауаажәларратә Палта ааԥхьарақәа зегьы рлахәылас сыҟан. Иубаратәы иҟоуп атәыла Ауаажәларратә Палата аусура ахь ринтерес ессаира ишазҳауа. Уи арҵабыргуеит ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи рыла Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь зыдгалара мҩаԥгаз акандидатцәа рхыԥхьаӡара. 11 ҭыԥ ахь иадгалан 42-ҩык. Аконкурс ду ыҟан, уи ауааԥсыра Ауаажәларратә Палата еиԥш иҟоу ауаажәларратә еилазаара аинститут аусура ишазҿлымҳау аанарԥшуеит. Иахьа актәи аилатара мҩаԥысит, далххеит амаӡаныҟәгаҩ», – ҳәа иҳәеит Сократ Џьынџьал.
Иара ишазгәеиҭаз ала, ҩ-кандидатурак ықәыргылан - Давид Ԥлиеи Гәыли Кьчбеи. «Аҩ-кандидатурак иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа аҿы ирыхәаԥшит.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АСЕРИА “АԤСНЫ АПОЛИИКАТӘ РЕПРЕССИАҚӘА ИРЫЛАӠЫЗ” АҞЫНТӘИ ЕКАТЕРИНА БЕБИА ЛЫШӘҞӘҚӘА ҨБА РӠЫРГАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 28 рзы С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ажурналист, афилологиатә наукақәа ркандидат Екатерины Бебиа лышәҟәқәа ҩба – «Харада ахара зыдҵаз», «Ахашҭра аҟынтәи – ахьыӡ камшәара аҟынӡа» рӡыргара мҩаԥысит.
Аӡыргара еиҿнакааит атәыла акультура Аминистрра. Уи амҩаԥгара аҭыԥ алхрагьы машәыршақә иҟамлаӡеит. 1937 шықәсазы атеатр азал аҟны имҩаԥган 13-ҩык аԥсуа интеллигенциеи аполитикатә елитеи рхаҭарнакцәа рус аӡбара.
Екатерина Бебиа лышәҟәқәа рҿы 300-ҩык инарзынаԥшуа ауаа рлахьынҵа атәы еиҭалҳәоит. Арҭ ашәҟәқәа рҭыжьразы ажурналист аинформациа аизгара даҿын 40-шықәса инареиҳаны.
АЖУРНАЛ «ЛИТЕРАТУРНАЯ КАБАРДИНО-БАЛКАРИЯ» АҾЫ АНАТОЛИ ЛАГУЛАА ИАЖӘАБЖЬҚӘА ҨБА КЬЫԤХЬХЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатә журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирнылеит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра атема иазкуп.
Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.
АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА АҾЫ 2022-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЛАГӠАНЫ ИМҨАԤГАЗ АУСУРА АЗЫ АИХШЬААЛАҚӘА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын аҩаша, хәажәкырамза 28 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа азеиԥш усуратә еизара.
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит. Уи аҳасабырбатә ашықәс Анаукақәа Ракадемиа азы иҷыдоу аҟазшаьа аман ҳәа иазгәеиҭеит.
«2022 - тәи ашықәс Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа азы аиубилеитә шықәсаны иҟан. Зегьы рзы игәырӷьараны иҟалаз хҭысхеит акарантинтә ԥкрақәа раԥыхра, иарбоу ахҭыс ҳҵарауаа ирыцны азгәаҭара азы арахЬ иааит еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала асасцәа.
Аҵарауаа хаҭала дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарра Анапхгара ахаҭарнакцәагьы. Аҳәаанырцә иҟоу анаукақәа Ракадемиақәа жәпакы рҟынтәи авидеотә адныҳәаларақәа аарышьҭит. Ари зегьы, жәаҳәарада, аидеиа ҿыцқәа, апланқәа, урҭ рынагӡара азы ажәалагалақәа, уҳәа рцәырҵра азы иназыцҵоу импульсны иҟалеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Анаукақәа Ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа.
Аизара иалахәыз зыԥсҭазаара иалҵхьоу рколлегацәеи рҩызцәеи минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
БАҬАЛ ЏЬАПУА «АԤСНЫ ЖӘЛАР РСАХЬАҬЫХҨЫ» ҲӘА АҲЫҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИХҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Баҭал Џьапуа «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Асахьаркыратә ҟазара аҿиара, акультуратә ҭынха аиқәырхареи зыҩаӡара ҳараку азанааҭтә ҟазареи рзы «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны.