pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа афымцамчи аинвестициатә усуреи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа инарымаданы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган адырра ҟалҵеит Аҳәынҭқарра Ахада идҵала иҳаҩсыз амчыбжьазы Урыстәылатәи Афедерациа Афымцамч аминистрраҟны имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәазы. Уи далацәажәеит   "Аҽгәара" ацәаҳәаҟны аужьра-еиқәыршәаратә усурақәа рымҩаԥгаразы афымцамч аагареи, иара убас Егры Афымцатә станциаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәреи ртәы.

Кристина Озган иҟалҵаз адыррақәа рыла, заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра алыршоуп, иахьа иахымгакәа аамҭеихшареи аҿҳәарақәеи ртәы еибырҳәараны иҟоуп, анаҩс аспециалистцәа "Аҽгәара" аусурақәа рымҩаԥгаразы ицоит. Аминистр лажәақәа рыла, аусурақәа рымҩаԥгара аҿҳәара аинформациа ҟалоит аусурақәа рымҽхак ашьақәыргылара анаҩс.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит есҽны имҩаҧысуа аусурақәеи алҵшәақәеи ирызкны адырра ирҭаларц.

Аслан Бжьаниа, ахатәтәра азин ала аԥсуа ган апринципреи хьаҳәа-ԥаҳәада агәаанагареи амазароуп: ашьҭԥраара-ртәаратә цәаҳәеи аҳаирбаӷәазатә инфраструктуреи хымԥада Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәны инхароуп ҳәа инаҵшьны иҳәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахәаша, абҵара 18 рзы диԥылеит ҳтәылаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаатәқәа.

Ҩ-тәылауаҩрак раиура азҵаарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз нап аркуп, амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда амш инаркны.

Атәылақәа рыбжьара ахәҳаахәҭра-аекономикатәи, агуманитартәи, аполитикатәи еимадарақәа рзы иахәаԥшын "Аԥсны-Урыстәыла-Белоруссиа" х-ганктәи аформат ала аиҿкааратә механизм аԥҵара азҵаара. Ари азҵаараз аусурақәа ирыцҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи дрыдныҳәалеит.

Иахьа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура хацнаркит  Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аԥҵоижьҭеи 100 аҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Аԥсуа ҭҵаарадырратә Еилазаара – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыҵхырҭа».

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз адҵала  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡада аконференциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи рзы иҟаҵаз адныҳәалара атекст даԥхьеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иналукааша ҭҵаарадырратә усбарҭоуп. Аинститут аҭоурыхтә мҩа хацыркын 1922 шықәсазы Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара иатәыз Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә еилазаара ашьаҭала. Раԥхьа ари аилазаара Аԥсны аарыхратә мчқәа, уи афлора, ақыҭанхамҩа азҵаарақәа, атәыла археологиеи аетнографиеи рызҵаарақәа рыҭҵаара иазкын.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи аидгьылуаа асоциалтәии азинтәии ацхыраара рыҭара азы Ассоциациа згәабзиаара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо агәыҳалалратә фонд «Поддержка» ианаҭеит 100 цырак инарзынаԥшуа, акоррекциатә усура иазку ашәҟәқәа.

«Ҳамҭас ирыҭаз алитература иахьатәи амш азы апрофиссионалтә практика аҿы акыр актуалра злоу, Аԥсны инхо, згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазку аусура аҿы ахархәара змоу материалны иҟоуп. Иҷыдоу ахәыҷқәа аус рыдызуло аспециалистцәа ацхыраара рыҭара аҿы ихадоу акакәны иҟоуп иарбоу аиҿкаарақәа реиԥш иҟоу аҵара-методикатә литература ала реиқәыршәара.  Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз ацхыраара азы», - ҳәа илҳәеит афонд «Поддержка» адиректор Анетта Бганба-Павелкова.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиа анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи, иара убас Аԥснынтәи иарбоу аҵараиурҭа аҿы аҵара зҵо акурсантцәеи дырԥылеит.

Лев Кәыҵниа Академиа анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәо Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа азы ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа разыҟаҵара аганахьала анаҩстәи аусеицура аперспективақәа дрылацәажәеит.  

Акурсантцәа дырԥыло Лев Кәыҵниа  рҵаратә процесс амҩаԥысшьеи қәҿиарақәас ирымоуи рыбзазара аиҿкаашьеи дрызҵааит.

Ас еиԥш аминистри Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофилтә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥснытәи акурсантцәеи реиԥыларақәа 2011 шықәса инаркны инеиԥынкыланы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иазгәарҭоит Адунеизегьтәи ателехәаԥшра Амшныҳәа (World Television Day). Ари аныҳәа аԥҵан ԥхынҷкәынмза 17, 1996 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) Ассамблеиа Хада ала.

Аԥсны ареспублика зегьы аҟны адырраҭарақәа алазырҵәо ателехәаԥшратә еилазаарақәа ҩба ыҟоуп.  Уи – абҵарамза 6, 1978 шықәсазы иаԥҵаз  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадҳио Еилахәыреи рашәарамза   26,  2007 шықәса рзы раԥхьаӡа аефир ахь ицәырҵыз «Абаза-ТВ» роуп.  Иара убас Аԥсны аус руеит иҭыԥырку ателестудиақәа – «Гәдоуҭа-ТВ», «Гал –ТВ».

«Гәдоуҭа-ТВ» адиректор Лариса Ҷанба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо напхгара зылҭо ателестудиа аиҳарак араион аҿы имҩаԥысуа ажәабжь ҿыцқәа аланарҵәоит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара 2012 шықәса инаркны Гәдоуҭа араион аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы адыррақәа ауааԥсыра ирылаҳарҵәоит. Аефир ахь ҳара ҳцәырҵуеит мчыбжьык ахь ҩынтә: амҽыша, ашәахьазы аиҭарбара ҳамоуп.  Аштат ала ҳара ҳтелестудиа аҿы 14-ҩык аус руеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ареспублика ашколқәа рҿы абылрацәыхьчаратә шәарҭадареи абылрақәа раан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи рзы атеориатәии аԥышәаратәии аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

Уажәазы аҳҭнықалақь аиқәырхаҩцәа иаҭааит аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10. 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа абылрақәа рыҟалара мзызс иамоуи, амца еимга-еицарак ала алаҵәара афакторқәас иамоу, убри аан ахыхьчашьеи уааигәа иҟоу реиқәырхара азы иҟаҵатәуи рганахьала инарҭбаау адыррақәа роуит.  

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҵаақәшьқьырҩы қәыԥш Шорена Гәыниаԥҳа Елец ақалақь Аԥхьахәгара аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит, иара убри ала 1-тәи ақәыԥштә разриад шьақәлырӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  Убас ала, 8 шықәса зхыҵуа Шорена Гәыниаԥҳа ақәыԥштә разриадқәа зегьы шьақәлырӷәӷәеит.

Шорена Гәыниа аицлабрақәа рҿы Шәача ақалақь аҵаақәшьқьырратә спорт Академиа «Олимпийский лед» ахьӡала дықәгылон.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы Ачемпионт.   Атурнир рхы аладырхәит аа-командак: Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет акомандақәа.

Ахԥатәи аҭыԥ азы аматч аҿы еиԥылеит ААУ акомандеи Аҷандара-2 акомандеи. Ари аиндаҭлара аҿы асчиот 3:2 ҳәа аҷандаратәи акоманда аиааит.  Афиналтә еиндаҭлара аҿы еиԥылон «Аҟәа» акомандеи 2021 шықәсазы Аԥсны ачемпион ҳәа ахьӡ занашьахаз Аҷандҳаратәи акомандеи. Акомандақәа ахәаԥшцәа дыргәырӷьеит иԥшӡоу анапылампыл ахәмарра ала. Аматч хыркәшахеит асчиотом 3:1 ҳәа аҟәатәи акоманда аиааирала.

Аҟәа.  Абҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аԥкьаҭмпыласыҩ қәыԥш Мира Родионова абҵарамза 18-19 рзы Краснодар ақалақь имҩаԥысыз атурнир «Ҳара зегьы ҳчемпионцәоуп» аҿы аиааира лгеит.

Мира лазыҟаҵаҩ, Арзамеҭ Тарба ихьӡ зху Аԥсны Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор, аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лажәақәа рыла, аспортсменка 8 шықәса зхымҵыц рықәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Мира лзы ари атурнир Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа раԥхьатәи атурнир акәхеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.